АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵа аатит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә Зал Хада аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла Аҩбатәи есышықәсатәи ацәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵатә Зал Хада аҿы иаатит ашәахьа, абҵараза 6 рзы.   

Ацәыргақәҵатә Зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа адныҳәаларатә ажәахә аҟны  асахьаҭыхыҩцәа абџьарҟаҵаҩцәа-аҟазацәа рырҿиаратә занааҭтә Еидгылара «Х-НАПЫ» хәажәкырамза  24, 2021 шықәсазы иаԥҵан ҳәа иазгәалҭеит.

Аидгыла ахықәы хаданы иҟоуп – Аԥсны ажьиратәи абџьарҟаҵаратәи аус иреиӷьу атрадициақәа рпопулиаризациа», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Ельвира Арсалиа иарбоу ахықәкы анагӡара азы иҟоу асахьаркыратә ҟазара атрадициақәеи традициала ишьақәгылахьоу аметтал аус адулашьеи, иара убас Аԥсны ажьиратәи абџьарҟаҵаратәи аус азҟазацәа русумҭақәа акультура-сахьатә коллекциатә фонд аԥҵареи рыла ишалыршахо азы агәра ганы дыҟоуп.  

Аекспозициа аҿы ицәыргоуп шәагаала еиуеиԥшым аԥсуа ҳәызбақәа, абырзалқәа, ахаҵақәа, ахҿақәа, аигәышәқәа. Аусумҭақәа равторцәа – Дмитри Ӡиуба, Џьгәаҭ Зарандиа, Алеқсандр Белыи, Адгәыр Какоба, Станислав Какоба, Гәырам Ҷкадуа, Ҭемыр Ӡиӡариа, Пиотр Лысенко.

Аекспонатқәа рыҟаҵараан ахархәара аиуит аџыр, дамассктәи аџыр уахь иналаҵаны, абҩа, акамбашь атәыҩаҵқәа, ааҵла.

Хазы игоу аекспозициа Баҭал Џьопуа Иури Воронов иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Ҵабал иахьаҵанакуа имҩаԥигоз археологиатә ԥшаамҭақәа рышьаҭала  еиҭашьақәиргылаз VI ашәышықәса иаҵанакуа асԥилаа рыбџьармаҭәа иазкуп. Ари абџьармаҭәа ашәаныза, алақҭаҩ, акәалӡхылԥа, ажәҩанызақәа, ашьапкәыршақәа, ашәаҭлеиқәеи амаҟақәеи, уҳәа рыла ишьақәгылоуп. Урҭ еизгоуп 920 рҟынӡа инаӡо аметалл иалху, ажәытә хьы аԥштәы ала ишәу, зганқәа асахтан ала иҩычоу аҵәаҟьақәа рыла еизгоуп. Аласа иалху ашәхарԥа напыла иԥоу аҟаиҭан ала иҩычоуп. Напыла ихаргьежьны иԥоу амаҟҿаҳәага..

Ацәыргақәҵа аҭааразы иаартуп абҵарамза 10 аҟынӡа.  


Read 205 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 16:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.