АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Алеқсандр Анқәаб Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив ателехәаԥшра аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсуа телехәаԥшра анапхгареи аколлективи  ателехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 45-шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи – Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара ҟалеижьҭеи 45-шықәса аҵра!

Ари, аиашазы ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз ахҭыс амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәахеит, уи ахықәкы хадақәа –аԥсуа етнос аиқәырхара, ажәлар шьаҭанкылатәи аинтересқәа рыхьчареи  Аԥснытәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи акыр иацхрааит.  

Амилаҭтә телехәаԥшра аусзуҩцәа рабиԥарақәа, идеиак ала еидгыланы занааҭдыррала, рхы иамеигӡо руалԥшьа нарыгӡон асовет аамҭа азы еиԥш иуадаҩыз аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазгьы. Шәареи шәколлегацәеи аинформациатә фронти аибашьра адәы аҿгьы еиԥшны фырхаҵарыла шәеибашьуан.

Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра еибашьроуп – уи хымԥада аԥсытәбара ацуп. Еиҵагыло аҿар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лаша азы зхы иамеигӡаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы имаҷым шәколлегацәагьы. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит.

Хашҭра рықәым аибашьра зыхганы  ирызгәакьоу рколлектив аҿы зусура ацызҵаз,  иԥхоу ацәаныррақәа рыла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳиааира абжьқәа.

Есыҽны атәыла иазыԥшуп ирызгәакьоу Аԥснытәи ателехәаԥшра адыԥхьалагатә бжьы. Ауааԥсыра иазыԥшуп ажәабжь ҿыцқәеи аинтерес зҵоу апрограммақәеи. Ҳәара аҭахума, агәра ганы ҳаҟоуп аиҳабацәа зеиӷьаҟам атрадициақәеи аусура азнеишьақәеи еиҵагыло аҿар рызнагара шалдыршо,  урҭ ажурналист ҿарацәеи анџьныр-техниатә персонали ирыдгыланы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәо  ателехәаԥшратә дырраҭара аиҿкаара шрылшо.

Ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәеи аизҳазыӷьареи азанааҭтә еихьӡарақәеи рзы азеиӷьашьарақәа!  

Гәык ала ишәзыҟоу Алеқсандр Анқәаб.

Аҟәа ақалақь, абҵарамза 6, 2023 шықәса».


Read 224 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 15:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.