АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Адель Папбеи Мира Матуеи ахәыҷтәы аԥкьаҭмпылтә турнир «Ампыл ҟаԥшь» аҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрограмма 10S «Ампыл ҟаԥшь» ала аԥкьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥысит абҵарамза  5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит ақәратә категориақәа ҩба – 7 шықәса зхыҵхьои урҭ ириҵбууи 5 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи ирыҵанакуаз аспортсменцәа.

Ақәратә категориа «7 шықәса зхыҵхьои урҭ ириҵбууи» иаҵанакуа рыбжьара аиааира лгеит  Адель Папба, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Мила Матуа, ахԥатәи аҭыԥ  –  Закан Марколиа.

Аиҵбацәа рыбжьара актәи аҭыԥ анылкылеит Мира Матуа, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Киара Папба, ахԥатәи аҭыԥ Владимир Бениа.

«5 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҵбууи рзы атурнир ҳреспублика аҿы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуан», -ҳәа иазгәалҭеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Елизабет Акәыциа.

Атурнир Аҟәа ақалақь аԥкьаҭмпыл Афедерациа ала еиҿкаахеит. 

06.11.2023.

 

 


Read 148 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 14:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.