АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Шьынқәба М.Шь. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ақыҭанхамҩа аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада Иусԥҟала Шьынқәба М.Шь. «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ақыҭанхамҩа аусзуҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.

 

Аусԥҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ақыҭанхамҩа аусхк аҿы аҭҵаарадырра-практикатә усураҟны лылшамҭақәа рзы, шықәсырацәалатәи лыҵшәабзиала аусуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ақыҭанхамҩа аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵазааит Шьынқәба Маиа Шәарах-иԥҳа, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агрономиа акафедра адоцент, аҵиаақәа ркарантин азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә инспекциа алабораториа аиҳабы».

 

Аусԥҟа иаҵаҩуп 2023 шықәса абҵарамза 2 рзы.

 


Read 131 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 14:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.