АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Абҵара.2023

Аминистр Инал Арӡынба: «Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит».

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 азы. Аилатәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҷыдалкаатәи азинмчи нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, аԥсны-полистинатә диалог, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы цҳаражәҳәаҩыс Мухамад Али иҟаҵара, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәара, ЕАР жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.

Аминистр Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит ҳәа.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара ишақәшаҳаҭу аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип инақәыршәаны. Иазгәаҭоуп арратә операциа ҷыда ахыркәшара ашьҭахь асоветаамҭашьҭахьтә ҵакырақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа иҿыцу аформақәа шроуа.

Абри инадҳәаланы аилацәажәара алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара азҵаарақәа рылацәажәара шзаанаҵу.

Инал Арӡынба Ахеилак алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит ареспубликақәа рыҩганктә еимадара шыҟоу, Аԥсни беларуссиеи русбарҭабжьаратә еимадарақәа ақырҭуа дипломатцәа аҿгылара шарҭогьы ахырхарҭа рацәа шрымоу.

Иара убасгьы Инал Арӡынба дазааҭгылан еиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа мҩаԥысуеит ԥхьаҟа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы ҳәа.

Аиалтәараҿы иара убасгьы иазгәаҭан ишалшо Аԥсни Ирани, Иемени, Афганистани, Ливани рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Инал Арӡынба иҳәеит ишаԥҵахо ҩ-ганктәи аусутә хеилак Аԥсны - Еидҵоу Арабтә Емиратқәа, арҭ аимадарақәа хра рыманы дшахәаԥшуа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Инал Арӡынба еизаз ирзеиҭеиҳәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы аусура дшалагаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц – Мухамад Али, дырзааҭгылеит уи инапынҵақәа.

Еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи аус рыцура иалацәажәо алахәылацәа ирҳәеит урҭ ареспубликаҿы русура ахәшьара аҽакала азнеира шаҭаху.

Аминистр инарҭбааны далацәажәеит USAID (жәларбжьаратәи аҿиараз ЕАА амаҵзура) асоветаамҭашьҭахьтәи аҵакырақәа рҿы аусура апринципқәа, Аԥсны аҵакырагьы налаҵаны.

Инал Арӡынба аҽазныкгьы иазгәеиҭеит ирҳәо ахықәкқәеи имҩаԥырго аусқәеи реиԥшымзаара шзалмыршахо.

 

 

 

 


Read 306 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 19:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.