
pressadmin-2
Рашәарамза 17 азы Аҟәа ақалақь аҿы «плоггинг» ҳәа изышьҭоу аҩра мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысраны иҟоу «плоггинг» ҳәа изышьҭоу агәам-сам аизгара зцу аҩра рхы аладырхәырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Уи азы аусмҩаԥгатә иалахәхо 4 – 8-ҩык злоу аиҩызцәа, аколлегацәа, уҳәа рыла ишьақәгылоу акоманда еизгатәуп, анаҩс рашәарамза 10 аҟынӡа алахәхаразы онлаин-зыҳәамҭа харҭәаатәуп.
Акомандақәа зегьы рҿы иалкаау аӡәы анаҩс аусеиҭадулара зылшо ацрыҵқәа - апластик, ақьаад, асаркьа, (уи аԥҽыхақәагьы уахь иналаҵаны), аихамаҭәақәа, уҳәа еизигалоит. Аусеиҭадулара зылшо зегьы аусдулара ахь идәықәҵахоит.
Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ 294 блок асигареҭ имхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа агәаҭараан 100 блок асигарет инарзынаԥшуа изакәанымкәа Аԥсны иалган агара зҽазызшәоз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ дааныркылеит.
Иара убри аҽны аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа Цандрыԥшь аҳаблаҿы иара убри атәылауаҩ зыԥскы икыз амашьына ааныркылеит. Амашьына агәаҭаран иаарԥшын иагьимхын аҭаҭын аалыҵ – зынӡа 194 блок.
Урыстәылатәи аделегациа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак хадара ззиуо аделегациа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит.
Асас даӷьқәа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор Виачеслав Ешба.
Виачеслав Ешба аҳаирбаӷәазеи ашьҭыԥраарҭа-тәаратә цәаҳәеи ахарактеристика хадақәа дрылацәажәеит.
Асасцәа аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аҭагылазаашьа гәарҭеит.
Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак “Акурорт Пицундеи” Пицундатәи аныхабааи дырҭааит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак «Акурорт Пицундеи» Пицундатәи аныхабааи дырҭааит.
Алеқсандр Новак иԥылеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи апансионатқәа реидгыла «Акурорт Пицунда» адиректор Фрикан Гәынбеи.
Ҭеимураз Хишба «Акурорт Пицунда» аҭоурыхи иахьатәи амши ртәы еиҭеиҳәеит.
Даанкылоуп изакәанымкәа анаркотикқәа реиҭарсра азы игәҩароу Краснодар атәылауаҩ.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара аҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҿы изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра азы игәҩароу Краснодар атәылаҿацә атәылауаҩ.
1998 шықәсазы ииз Сергеи Суриадныи, амилициа аусзуҩцәа данааркылоз аамҭазы идырбалеит иагьимырхит еиқәыҭханы ирхиоу аилаҳәарақәа.
60 цыра рҟынӡа инаӡо аилаҳәара ирылаҳәан иҿыпуа амаҭәашьар. Уи аҭҵаара-гәаҭарахь идәықәҵахеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалистә Центр аспециалистцәа Сергеи Суриадныи имырхыз амаҭәашьар анаркотиатә маҭәашьар «метадон» ауп ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит.
Иаанкылаз игәаҭараан иара убас идырбалеит амобилтә ҭелқәа ҩба, абанктә картақәа, ихьӡи ижәлеи зырҵабыргуаз аусшәҟәқәеи.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Узтәызтәуа атәыла».
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны Урыстәыла Амш инамаданы иаатит урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Узтәызтәуа атәыла».
Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп Осииа Сегаль, Ольга Лишьиова, Сергеи Булаковски, Васили Контариов, уҳәа аурыс сахьаҭыхыҩцәа 20-тәи ашәышықәса актәии аҩбатәи азыбжазы Аԥсны иаԥырҵаз рырҿиамҭақәа. «Урҭ ганрацәалатәи русура 1920 – 1930 шш. Аԥсны асахьаҭыхратә ԥсҭазаара шьахәла иаанарԥшуан», – ҳәа илҳәеит ари ацәыргақәҵа акураторс иҟоу, Аԥсны ацәыргақәҵатә Зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа.
Аԥсныҟа усуратә визитла дааит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа усуратә визитла иааит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак напхгара зиҭо урыстәылатәи аделегациа.
Урыстәылатәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: аҳәаанырцәтәи атәылақәа арегионбжьаратәии акультуратә рымадаразы Урыстәылатәи Афедерациа иҟны иҟоу Аусбарҭа анапхгаҩы Игорь Маслов, аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич.
Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьҭра-гәаҭаратә Пункт «Псоу» аҿы асасцәа ирԥылон Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак дидикылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс Имҩаԥысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки реиԥылара.
«Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аԥсныҟа. Даара сеигәырӷьоит иахьа ҳтәыла шәахьаҭааз. АԤсны анапхгареи ҳтәылауааи Шәара шәаара агәыӷра дуқәа адырҳәалоит, избан акәзар шәареи ҳареи хра злоу азҵаарақәа ҳрылацәажәоижьҭеи маҷ ҵӡом. Сара агәра згоит, шәаара Шәаргьы саргьы ҳнапы злаку азҵаарақәа рыӡбара аус ишацхраауа. Даҽазныкгьы бзиала шәаабеит Аҧсныҟа», - иҳәеит Ахада, асас аҧсшәа иаҳәо.
Алеқсандр Новак аҳәынҭқарра Ахада Аԥсныҟа ааԥхьара ахьииҭаз азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит. «Афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы злахәыз ҳделегациа ашҟа иашәырԥшыз азҿлымҳарееи аԥхарра зҵоу аиҧылареи рзы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп. Аԥсны - ҳара ҳастратегиатә партниоруп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, адәныҟаполитикатә усураҟнеиԥш, ахәаахәҭра - економикатә усеицура арҿиара аганахьалагьы. Ҳара ҭоурыхла аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп, иахьа ҳаимадарақәа активла аҿиара иаҿуп. Аԥсны аекономика, аҩныҵҟатәи азеиԥш аалыҵгьы аизырҳара мҩаԥысуеит. Иара убас, Урыстәыла финансла ацхыраара ҟанаҵоит аинфраструктуратә проектқәа рынагӡаразы, афинанстә ҭышәынтәалара алыршаразы.
Алеқсандр Новак Пицунда ақалақь а ҿы ҳаԥхьаҟа исасааирҭаны иҟалараны иҟоу «Москва Резорт» аҵакыра даҭааны игәеиҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак инапхгарала урыстәылатәи аделегациа Пицунда ақалақь аҿы ҳаԥхьаҟа исасааирҭаны иҟалараны иҟоу «Москва Резорт» аҵакыра иаҭааны игәарҭеит.
Алеқсандр Новак 46,5 гектар рҟынӡа инаӡо атерриториа аҿы асасааирҭатә комплекс «Москва Резорт» апроект шынагӡахо азы адырра ирҭеит. Иарбоу асасааирҭатә комплекс аплошьад 200 нызықь квадраттә метра аҟынӡа инаӡалоит. Ари апроект ахарџьынҵа 31 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аотель аартра азԥхьагәаҭоуп 2026 шықәсазы.
Архитектуратә проект аиқәыршәаҩцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы аӡиеи ареликттә пицундатәи аԥсаҵлеи реиқәырхара хымԥадатәны ирыԥхьӡон. Убри аҟнытә уи зегьы рыпроект аҿы иазԥхьагәарҭеит. Иргылахо агьежьбжатә форма змоу ахыбрақәа хыхьынтәи ҵаҟа амшын ахь илбаалоит, ус иуҳәар ҟалозар амфитеатр асахьа шьақәыргыло. Аҩныҵҟатәи атерриториа аҟны амшынӡы зҭоу аӡҭарчи акоттеџьқәеи ҟалоит. Уи ааигәара иргылахоит аӡытә спорт хкқәа рзы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым аплошьадкақәа змоу аспорттә кластер.
Алеқсандр Новак Гагра ақалақь аколлонада даҭааит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи афинанстә цхыраара иабзоураны еиҭашьақәыргылаз Гагра ақалақь агаҿеи аколоннадеи дырҭааны игәеиҭеит.