АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Жьҭаара.2023

Иракли Хьынтәба Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи акультуратә форум ахь аспикер иаҳасабала ааԥхьара иоуит.

Аҟәа. Жҭаарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  акультура аминистр Ольга Лиубимова Фазиль Искандер ихьӡ зху Атеатр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысло Жәларбжьаратәи акультуратә форум атематикатә секциақәа «Атеатр»», «Акультура ала аҭоурых аҭҵаара», «Атрадициатә культура  аҳасабала ацивилизациа зылсыз ауаажәларра рфундамент» аспикер иаҳасабала рылахәхара азы ааԥхьара илҭеит.

Афорум аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит абҵарамза 16-18, 2023 шықәса рзы.

IX Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи  акультуратә форум – «Еидкылоу акультурақәа рфорум» (United Cultures Fоrum) – акыр зҵазкуа акультуратә хҭыс ауп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны хымш ирылагӡаны, зыхьӡ нагоу акультура аусзуҩцәа, аекспертцәа, анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа аидеиақәа реимдара мҩаԥыргоит, ҳаамҭазтәи акультуратә ԥсҭазаара аҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәоит.  

Афорум аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны атематикатә секциақәа жәба: «Акультура ала аҭоурых аҭҵаара»,  «Иԥсабаратәым аинтеллект – акультура азы ишәарҭоу, мамзаргьы хра злоу усу», «Атрадициатә культура  аҳасабала ацивилизациа зылсыз ауаажәларра рфундамент», «Амедиатә культура», «Акино», «Атеатр», «Амузеи», «Аусуратә культура», «Амузыка» рыла адиалогтә плошьадкақәа шьақәгылахоит. 

 

 


Read 141 times - Асабша, 11 Абҵара 2023 21:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.