АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жьҭаара.2023

Акультура-усутә плошьадка «Гәыма» аҿы балкантәи ачысқәа ргьамабара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, акультура-усутә плошьадка «Гәыма» аҿы балкантәи ачысхкқәа ргьамабара мҩаԥысит. Уи еиҿкаан Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатә аалыҵи ақыҭанхамҩатә аалыҵи реиҿкаара Аҟәа иҟоу Аофиси «Еиду-Амилаҭқәа Реиҿкаара-аҳәса» ҳәа изышьҭоу аиҿкаареи имҩаԥнагаз «ахшхарҵәы аҟаҵараҟны аҳәса рыцхраара» иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Агьамабара балакнтәи ачысхкқәа рҟынтәи еиҳа иргәаԥхаз, ҳаԥхьаҟа иҭыжьхо, иара убас аҭыԥантәи аџьармыкьа ахь аҭиразы ицәыргахо ралкаара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥган.

Абар шьҭа хышықәса ирылагӡаны Аԥсны инхо, аус зуа «Ахшхарҵәы аҟаҵараҟны аҳәса рыцхраара» иазку апроект аменеџьер Владимир Кокарев ари аусмҩаԥгатә амҩаԥгаразы агәҭакы шцәырҵыз атәы иҳәеит.

«Ҳара иаҳҭахын иҿыцу ачыс хкқәа рцәыргареи Аԥсны ауааԥсыра урҭ ргьама баны ицәыргақәҵоу аалыҵ азы ргәаанагара рҳәарц. Уажәы  ахш азымхара апроблема цәырҵны иҟоуп, убри аҟнытә ҳара ҳапроект иалаху аҳәса-афермерцәа ирзыҟаҵо акыр ипопулиару балкантәи ачысхкқәа рцәыргара ҳаӡбеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Адигустациа аҿы ицәыргақәҵан  аҭыԥантәи афатә аалыҵ иалху ачысқәа рассортимент ду. Асасцәа каимак, пекмез, аивар, македонтәи ацыфа, балкантәи лиутеница, уҳәа реиԥш иҟоу балкантәи ачысхкқәа ргьама абара азы алшара рыман.

Аплошьадка «Гәыма» аҿы иара убас имҩаԥысит еиуеиԥшым афермертә аалыҵ ацәыргақәҵа.

Апроект аспециалист Лана Сангәлиа лажәақәа рыла, балкантәи ачысхкқәа рыҟаҵараан аиҳарак рхы иадырхәоит апомидор, болгартәи апарпыл хаа, аҟандыл.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатә аалыҵи ақыҭанхамҩатә аалыҵтәии реиҿкаара Аҟәа иҟоу рофис аҳәса-афермерцәа атехникатә цхыраара рыҭареи балкантәи ачысхқәа рыҟаҵара дырҵареи азԥхьагәаҭаны иамоуп. Ари анаҩстәи апроект ауп, уи адегустациа аихшьаалақәа рыла иааиуа ашықәс азы инагӡахоит.


Read 107 times - Асабша, 11 Абҵара 2023 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.