АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 28 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит андуцәеи абдуцәеи Рымш.

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 28 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит андуцәеи абдуцәеи Рымш.  Аԥсны ари аҩыза аофициалтә ныҳәа ыҟаӡам, аха ҳара зегьы раасҭа иаҳзааигәоу иҳазгәакьоу ауаа ажәа  ҟәанда раҳҳәар, уи хымԥада дара акыр ргәы иаахәоит, ргәаҵанӡа инеиуеит.   

Аныҳәа ашьақәгылара аҭоурых

Андуцәеи абдуцәеи Рымш зегьы раԥхьаӡа иазгәарҭо иалагеит Америка иқәынхо ажәлар –1978 шықәса инаркны цәыббрамза актәи амҽыша иақәшәон иара.  Нидерланды акәзар, ари аныҳәа  2004 шықәса раахыс иазгәарҭоит. Уи аԥшьызгаз голландиатәи Ашәҭқәа рбиуро ауп.  Аидеиа амаҭацәа зыԥсы ҭоу ашәҭқәа рандуцәеи рабдуцәеи ҳамҭас ирырҭаларц акәын изыдҳәалаз. Ашәҭқәа абиԥарақәа реимадара символра азнауеит, араҟа андуцәеи абдуцәеи  –ари адацқәа роуп, амаҭацәа – уи ашәҭқәа роуп. Ари ахшыҩҵак ашәҭқәа рыҭиара иадҳәалоу аилазаарақәа жәпакы иргәаԥхеит, ажәлар ракәзар, урҭгьы ари аҭаацәаратә ныҳәа шьахә ибзиаӡаны ирыдыркылеит. Иахьа ари аныҳәа адунеи 30 тәыла инарзынаԥшуа рҿы иазгәарҭоит.

Франциа ари аныҳәа хәажәкыра актәи амҽыша азы иазгәарҭоит, Великобританиа – жьҭаарамза актәи амҽыша азы, Испаниа – ԥхынгәымза 26 рзы, Италиа – жьҭаарамза 2 рзы, Германиа – жьҭаарамза аҩбатәи амҽыша азы.

Урыстәыла акәзар, андуцәеи абдуцәеи Рымш азгәарҭоит 2009 шықәса инаркны. Уи ахықәкы хаданы иҟоуп – аиҳабыратә абиԥара амаҭацәа рзы урҭ иааныркыло аҭыԥ дырбара.

Арыцхә жьҭаарамза 28 алхра машәыршақә иҟамлаӡеит, аҩбатәи ҭагалантәи амыз анҵәамҭазы ауп ажәытәтәи славианаа Ҭагалантәи  Абдуцәа ҳәа изышьҭаз, ахылҵышьҭра арӷәӷәареи абиԥарақәа зегьы реидкылареи иазку аныҳәа аназгәарҭоз.

Атрадициақәа

Атәылақәа зегьы рзы ари  аныҳәа азгәаҭара иадҳәаланы еиԥшу атрадициақәа ыҟоуп. Ашәҭқәа ҳамҭас рыҭара иадҳәалоу Голландиатәи атрадициа атәылақәа зегьы рҿы ишьақәгылеит.  Аҭаацәарақәа жәпакы рҿы ҭаацәашәала апикникқәеи аиԥыларақәеи еиҿыркаауеит. Еиуеиԥшым агәыҳалалратә еиҿкаарақәа хыԥхьаӡара рацәала акциақәеи аконцертқәеи мҩаԥыргоит.

Аԥсныпресс акорреспондент амшын аԥшаҳәа аҿы инеиааиуаз абыргцәа рахь ихы рханы, абри аныҳәа атәы дара акыр рдыруама, ираҳахьоума ҳәа дрызҵааит. Аиҳараҩык уи атәы рыздырӡом ҳәа аҭак ҟарҵеит, аха убри аан дара ари аҩыза аныҳәа Аԥсны иҟалар даара ибзиан ҳәа ирҳәеит.

Насыԥс иҟоузеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо иабдухахьоу, зыжәла аҳәара зҭахымхаз, Михаил иҳәеит: «Насыԥс иҟоу – адунеи аҿы аҳра анауа абзиабареи аилибакаареи, ауаа ҳаҭырла, патуқәҵарыла ианеизыҟоу ауп», – иара зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

Галина Е. раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭааит. Лара Гагра лыԥсы лшьоит, Аҟәа  аҭыԥ ԥшӡарақәа лбарц аҳҭнықалақь ахь дааит: «аҿар рхықәкы анагӡара рҽазыршәозароуп. «Зегьы ирыцку –аҭаацәа, ахәыҷқәа, амоҭацәа роуп. Сара исымоуп ахәыҷқәа, амоҭацәа, уимоу амоҭа ихылҵгьы дсымоуп. Урҭ сара даара бзиа избоит. Смаҭацәа руаӡәы аурыс жәлар рыкәашарақәа ргәыԥ далоуп. Лара уажәы акәашаразы Москватәи Аҳәынҭқарратә Академиатә Театр «Гжель» аҟны иҟоу Москватәи ахореографиатә ҵараиурҭа актәи акурс аҿы аҵара лҵоит. Сара схаҭа иуадаҩу аԥсҭазааратә мҩа санысит. Сыԥсҭазаара мариаӡамызт, аха сыԥшәмахаҵеи сареи ҳәоуеиқәшәарала 55 шықәса ҳаицынхеит.  Абҵарамза 22 рзы ҳара ҳҭаацәа ду аҿы ари арыцхә азгәаҳҭоит»,  - ҳәа илҳәеит лара.

 

 

 

 


Read 133 times - Асабша, 11 Абҵара 2023 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.