АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иаауаз апассаџьыртә дәыӷбақәа «Москва – Аҟәа», иара убас «Санкт-Петербург – Аҟәа аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь иаанкылан. Шьҭахьҟа урҭ дәықлоит дусы реихшанҵа инақәыршәаны.

Адәыӷбақәа рпассаџьырцәа зегьы автотранспорт ала рымҩа ахьынӡахо астанциақәа рҟынӡа инаргоит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» апресс-маҵзура аҿы. Аҟәантәи идәықәлараны иҟаз апассаџьырцәа адәыӷбақәа рныҟәара аихшанҵа инақәыршәаны, Аҟәантәи, Афонынтәи, Гәдоуҭантәи, Гагрантәи Цандрыԥшь аихамҩатә станциа аҟынӡа рнагара еиҿкаахоит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абарҭ асааҭқәа рзы Гагра ақалақь аҿы акоммуналтә маҵзурақәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи рхаҭарнакцәа алархәны анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигоит.  Уи иахьа ашьжьымҭан Гагра араион аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи араион иаиуз азарал заанаҵтәи аихшьаалақәеи рызҵаарақәа ирызкуп.  

Аҳәынҭқарра Ахада  ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа излауа ала ирласны аихамҩа ала аныҟәара алагара алыршареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азы есыҽны адырра иҭареи рзы адҵа ҟаиҵеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  иҟалаз ақәоура бааҧс иахҟьаны араион аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Ахада адырра ииҭеит арыцҳара ахьыҟалаз аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы:

«Уажәы амашьынамҩа аартуп, хырхарҭа ԥсахрала аусура цоит. Рыцҳарас иҟалаз, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп».

Аминистр, иара убас иҳәеит Москвеи Санкт- Петербургынтәии иаауаз Гагра аҳәаа Цандрыԥшь араион аҟны ишгылоу, аԥсшьаҩцәа ракәзар, агәҭынчымра шаадырԥшуа.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Апрокуратура Хада  аӡбаратә усбарҭа ашьауӷатә усеилыргарақәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә коллегиа ахь лаҵарамза 24, 2023 шықәсазы заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала ԥхынҷкәынмза, 2018 шықәсазы аулафахәы аазгоз Ҭҟәарчал ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа рықәлара, иара убас гәыԥҩык ауаа еицны иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи ахархәареи аиҭарсреи  инарымаданы  ахара здыз Миквабиа Р.Б., Миквабиа А.Б., Сар-оглы А.Р., Гогәуа М.С., рганаьала Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа  ишьақәнарӷәӷәаз ашьауӷақәҵара азы акассациатә дгалара ахәаԥшразы инанашьҭит. .  

Апрокуратура аганахьала иарбоу аӡбаратә ӡбамҭа азашшра шьаҭас иаиуит ашьауӷақәҵара аиашамра. Миквабиа Р.Б., Гогәуа М.С., Миквабиа А.Б. рганахьала аӡбарҭа ала ишьақәыргылоу ахьырхәра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 59 санкциақәа рыла иазԥхьагәаҭаӡам; Сар-оглы А.Р. ҵаҵӷәыда дыриашоуп. Аҳәынҭқарратә харадҵа агәаанагарала, иарбоу аусеилыргарала  аӡбарҭа  ашьауӷатә процессуалтә закәанԥҵара ӷәӷәала аилагара аҭыԥ аиуит.

Ашьауӷақәҵара атекст ала: 

Миквабиа Рамин Баграт-иԥа ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи имазара имхрала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә калониа аҿы хәы-шықәса аҭакрала ахгара иқәҵоуп.

Иара аусеилыргаанӡатәии аӡбаратәии аусеилыргарақәа мҩаԥысуанаҵы аҩнытә баандаҩтәреи аҭакреи рыҽҳәара ахьынҵәаз инамаданы ихы дақәиҭтәуп.  

Миквабиа Аслан Бено-иԥа ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уи аԥышәаратә шықәсык ацны згәаҭарала ҩы-шықәсеи фы-мзи аҭакрала ахьырхәра дақәыршәоуп. Убри аан аӡбарҭа азыӡба ала уи иқәҵаз ахьырхәра аҽҳәара ииасхьеит ҳәа иԥхьаӡаны  ахьырхәра аҟынтәи дақәиҭтәхеит.  

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы изы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст иаҳәоит:

Лаҵарамза 06, 2014 шықәсазы иҭыжьыз «Арратә ҳакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан №3498-c-V,  ԥхынҷкәынмза  24, 2018 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәирӷәӷәаз «Арратә маҵзура ахысра азы Аԥҟара № 374 инарықәыршәаны:

Аинрал-маиор Киут Роберт Витали-иԥа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь амаҵзурахьы аиасра инамаданы, ҽҳәараанӡа арратә маҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡара идҵазааит Аҳәынҭ

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза  12, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Џьопуа Ҳаџьараҭ Руслан-иԥа цәыббрамза 20, 2020 шықәсзы Аҟәа ақалақь аҿы 1940 шықәсазы ииз Раиса Илиа-иԥҳа Оганиан гәҭакыла лышьразы ахарадҵа ала ашьаусеилыргара аматериалқәа рыхәаԥшра хнаркәшеит.  

Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Ҳаџьараҭ Џьопуа иарбоу ацәгьоураҿы ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡаны ахьырхәра ҳасабала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә калониа аҿы жәы-шықәса аҭакрала ахгара идҵоуп.

Ҳаџьараҭ Џьопуа цәыббрамза 20, 2020 шықәсазы Раиса Оганиан лынхарҭа акәша-мыкәша иҟоу адгьылҵакыра  арыцқьараан ҩ-шәырҵлак хиҵәеит. Уи иахҟьаны аҩны аԥшәмаԥҳәыси иареи рыбжьара аимак-аиҿак ҟалеит. Ҳаџьараҭ Џьопуа игәы ааибакын ааигәа икажьыз алаба аашьҭыхны Раиса Оганиан длысуа далагеит. Илоуз ааха иахҟьаны Раиса Оганиан иара уаҵәҟьа лыԥсҭазаара далҵит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр изы «Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст иаҳәоит:

Киут Роберт Витали-иԥа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵазааит.

Аинрал-маиор Киут Роберт Витали-иԥа «амилициа аинрал-маиор» ҳәа ахьӡ ҷыда ианашьазааит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Быҭәба В.С.Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Аусԥҟа атекст иаҳәоит:

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы амаҵзуразы Аԥҟареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ила ԥхынҷкәынмза 18, 1996 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Аусԥҟа  № УП-104 (хәажәкырамза  04, 1997 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 13, рашәарамза 22, 1998 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 62, цәыббрамза 11, 2017 шықәсазы иалагалаз аиҭакра  № 208, абҵарамза  04, 2021 шықәсазы иалагалаз аиҭакра № 285, лаҵарамза 17, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра  № 155, рашәарамза 13, 2023 шықәсазы иалагалаз аиҭакра №184 ҳасаб азуны): инарықәыршәаны:

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара аминистр  ҿыц Роберт Киут дыдирдырит.

«Сгәы иаанагоит  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц амаҵзурахьы инеира хьаада имҩаҧысып ҳәа. Агәра згоит аминистр ҿыц иаалырҟьаны, инарҵауланы дазымхәыцкәа а

зыӡбақәак идикыларым ҳәа. Сгәыӷуеит аҵыхәтәантәи хышықәса раахыс иазгәаҭоу ахырхарҭақәа ирыцҵаны аҿиара роуп ҳәа",- иҳәеит Аҳәынҭқарра  Ахада.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 48-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аполковник Нодар Чачхиани.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгараҭареи аколлективи рколлега иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи идышшылоит.

«Ҳколлега, ҳҩыза Нодар Чачхиани изаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит ҳәа иҳауз адырра хьаа дуны ҳгәаҵанӡа инаӡеит. Нодар Чачхиани зыԥсы цқьаз, аиашара иадгылоз, агәаӷьра злаз, иаамсҭашәаз ауаҩы, афицар, апатриот иаша иакәын, уи наунагӡа ҳгәалашәараҿы даанхоит», – ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәы аҿы.

Аполковник Чачхиани Нодари Гьаргь-иԥа диит ажьырныҳәамза 2, 1976 шықәсазы Гагра араион Пицунда аҳабла аҿы.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет доужьҭымҭоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.