АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2023

Иԥсҭазаара далҵит аштангашьҭыхҩы, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла, иара убасгьы адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион Руслан Ҭаркьыл.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 74-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аштангашьҭыхҩы, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла, иара убасгьы адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон Иорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден занашьоу Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл. 

«Алегенда иалиааз, хьӡи-ԥшеи згымыз ҳаспортсменцәа рыԥсҭазаара ралҵра гәыхь дууп. Руслан Расим-иԥа дыздыруаз зегьы рзы дҿырԥшыганы даанхоит. Иара ииааирақәа рҿырԥшала иааӡан аԥсуа ҿар рабиԥарақәа акыр. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы гәалсра дула ирыдышшылоит Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл иуацәеи иҭынхацәеи, иара убас иҩызцәеи.  Ари даара цәыӡ дууп  аспорттә еилазаара зегьы азы», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адышшылара аҿы.

Аштангашьҭыхыҩ, Асовет Еидгыла ачемпион, адунеи арекордсмен Ҭаркьыл Руслан Расим-иԥа диит 1950 шықәса лаҵара 5 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан.

1972 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт. Аҟәа ақалақь аҿы атлетика хьанҭа ала иҽазыҟаиҵо далагеит. Атлетика лас азы – аихампыл аршәразы Аԥсны арекордсмени ачемпиони ҳәа ахьӡ ихҵахеит.

1969 шықәсазы Руслан Ҭаркьыл атлетика хьанҭа азы арԥарцәа рыбжьара Асовет ачемпионс дҟалеит, 1970 шықәсазы –  аиуниорцәа рыбжьара Асовет Еидгыла ачемпион ҳәа ахьӡ ихҵахеит.

Руслан Ҭаркьыл – акапантә категориа 90 - 100 кьыла иаҵанакуа рыбжьара Аԥсни Қырҭтәылеи ррекордсмен.

1971 шықәсазы Болгариа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы иара 90 кьыла иҟоу рыбжьара адунеи арекордсмен ҳәа ахьӡ аиура иҽаԥсеитәит. 

1972 шықәсазы имҩаԥысуаз Қырҭтәыла Асоветтә Социалтә Республика Аспартакиада аҿы иара агәҭасра, аҵҟьара, аклассикатә  ахыхкеицлабра азы адунеи арекордқәа хԥа шьақәиргылеит, 

Руслан Ҭаркьыл аиуниорцәа рыбжьара Асовет Еидгылеи адунеи ррекорд шьақәиргылеит (ақ. Қарҭ).

Германиа, Монголиа, Куба, Болгариа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы аиааирақәа игахьан (1972-1974 шш.).

Асовет Еидгыла Ахраҿагара Араӡнытә аԥхьахәгаҩы (ақ. Челиабинск, 1975 ш.), Асовет Еидгыла ажәларқәа  VI Аспартакиада (ақ. Вильниус, 1975 ш.).

1976  шықәсазы атлетика лас азы Ареспубликатә Ахәыҷтәы-Қәыԥштә спорттә школ  адиректорс дҟалеит,  аамҭак ала азыҟаҵаратә усура инапы алакын.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Леон иорден ианашьоуп. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.

 

 

 


Read 176 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 23:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.