АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Абҵара.2023

Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭа азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсмен Елҟан Ӷәазаа атлетика хьанҭазы Урыстәыла аԥхьахә агараҿы 124 кьыла  агәыҵасрала ашьҭыхраҿы аиааира игеит.

Елкан Ӷәазаа Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы игаз аиааира изикит зыԥсҭазаара иалҵыз иабжьгаҩ, иара изы иҿырԥшыганы иҟаз, аштангашьҭыхҩы, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла, иара убасгьы адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион, Леон Иорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден занашьоу  Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл.  

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит Ареспублика Адыгеиа Маиҟәаԥ ақалақь аҿы. Уи иалахәуп Урыстәыла 45 регион рҟынтәи 450-ҩык аспортсменцәа.

Елҟан Гәазаа зыкапантә категориа 67 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара Татарсҭан ахьӡала дықәгылон.

Елҟан Гәазаа – Урыстәыла ачемпион, Урыстәыла Ахраҿа агара зҽаԥсазтәыз, Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аиааира згахьоу, Урыстәыла аԥхьахәгара араӡнытә медал аиура зҽаԥсазтәыз, Урыстәыла иреиӷьу аспортсменцәа Рыспартакиада аҿы аџьазтә аԥхьахә згахьоу, Урыстәыла арекордсмен, аспорт азҟаза иоуп.

Аԥсуа спортсмен Елҟан Ӷәазаа Аолимпиатә резерв иатәу Казантәи аҵараиурҭаҿы аҵара иҵоит, Марат Мадиаров инапхгарала иҽазыҟаиҵоит.

Уаанӡа аспортсмен Д.И. Чагәаа ихьӡ зху Калдахәаратәи ашкол-интернат атлетика хьанҭа асекциаҿы иҽазыҟаиҵон Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Иасон Кьахьба инапхгарала.

 

 


Read 224 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 20:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.