АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2023

Аԥсны ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит «Амра ашәахәақәа» ҳәа хыс измоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа ахь инагоуп 100 инареиҳаны аусумҭақәа –  иҿыханҵоу аԥсабарасахьақәеи апортретқәеи, иара убас амҳаџьырра атема иазку аусмҭақәа рсериа.

Ицәыргақәҵоу аусумҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – «Амреи амзеи реиԥылара», «Агәыӷра», «Ажәытә Аҟәа», «Абугенвиллиа ашәҭра», «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз - зегьы ицәыӡит», «Шьыжьбзиа, исызгәакьоу Аҟәа», «Ашьхақәа рыԥсыԥлагаҩагара», «Ажәҵысқәа», «Иҭынчу афҩышьҭқаара», «С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр», «Адоуҳамч», «Ашымҳа ашәшьыраҿы», уҳәа убас ирацәаны.  

Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, иара убас Борис Ашәба  дидныҳәалеит.

«Араҟа иахьа ицәыргоу аусумҭақәа рхыԥхьаӡараҿы  Москва ақалақь аҿы еиԥш асахьаҭыхыҩ иԥсадгьыл аҿы иҭихқәазгьы ыҟоуп. Аиҳарак уи иусумҭақәа Аԥсны акультура иазкуп. Ҳара иколлегацәа-асахьаҭыхыҩцәа уи иусура ахәшьара ҳаракы аҳҭоит», - ҳәа иҳәеит Витали Џьениа.

Афилологиатә наукақәа рдоктор, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа адныҳәалара ҟаиҵеит, асахьаҭыхыҩ иҳараку изанааҭдырра аҩаӡара инаҵшьны иазгәеиҭеит:

«Даара абаҩхатәра злоу уаҩуп иара.  Зегьы реиҳа ихадоу – акы иаламҩашьо, зхатәы ҟазшьа змоу сахьаҭыхҩуп. Араҟа иубаӡом аҿыԥшышьа. Борис Ашәба иусумҭақәа ирныԥшуеит иара асахьаҭыхыҩ ихаҭа иҩныҵҟатәи адунеи, уи аиашазы имариам усуп. Араҟа иахьа ицәыргоу аусумҭақәа акыр ҭакԥхықәрала азнеирала иаԥҵоуп, урҭ ҵабыргны ҳҟазара иҳаракӡоу адунеитә ҩаӡара ахь ицәырнагоит», - ҳәа иҳәеит иара.  

Асахьаҭыхыҩ Борис Ашәба ихаҭа ирҿиара ахь иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭра азы еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иҭабуп идуӡӡаны аамҭа ԥшааны ари ацәыргақәҵа шәахьаҭааз. Ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Виктор-иԥа, уи сара ацхыраара ду сиҭеит. Ельвира Арсалиа иахьа ари аусмҩаԥгатә лхы алалырхәыртә дзыҟамлаӡеит, аха сара уи идуӡӡаны иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы исылҭаз хәызмаӡам ацхыраара азы», - ҳәа иҳәеит иара.

«Сара даара исгәаԥхеит Борис Ашәба ицәыргақәҵа. Иахьа араҟа ҩ-залк рҿы икнаҳауп еиуеиԥшым атехникақәеи атематикақеи рыла инагӡоу аусумҭа шьахәқәа.  Иубаратәы иҟоуп асахьаҭыхыҩ зус зеиӷьаҟам ала издыруа, даара ибзианы аҿыханҵа зыцааиуа шиаку», –  ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ацәыргақәаҵа илызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы лҳәеит Аҟәа асас Ольга Коптева.

Белоруссиантәи асахьаҭыхыҩ Анастасиа Еверенчикова ацәыргақәҵа акырӡа илгәаԥхеит.

«Араҟа иҟоуп даара аинтерес зҵоу аусумҭақәа, урҭ ирнубаалоит асахьаҭыхыҩ аԥштәы, аемоциақәа, аԥсадгьыл ахь ибзиабара шаҟа дацклаԥшны ицәыриго. Сара хықәкыла ари ацәыргақәҵа аҭаара сгәы иҭаӡамыз, уи машәыршақә иҟалеит. Аха избаз даара сгәы иаахәеит. Сара аинтерес скуп аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыхәаԥшра, схаҭагьы сахьсахьаҭыхҩу инамаданы. Араҟа ицәыргақәҵоу апортретқәа аемоциақәа ырҵабыргны аарԥшрала иалукаартә иҟоуп, уи дара рҷыдаҟазшьаны иҟоуп. Аколористика акыр ибеиоуп. Иубаратәы иҟоуп аҿыханҵаҩ аҟазаратә гьама шьахә шимоу. Ҳара даара анырра ду ҳанаҭеит ари ацәыргақәҵа», – ҳәа илҳәеит лара.  

Москвантәи ареставратор Алеқсеи Кабачиовгьы убасҵәҟьа ацәыргақәҵазы игәаанагара иҳәеит: «Сара, туристк иаҳасабала, даара сазҿлымҳауп ҳара иахьа ҳахьынеиааиуа аҭыԥқәа уаанӡа изеиԥшраз аилкаара. Ари ацәыргақәҵа аҿы хра злоу аемоциақәа узцәырҵуеит. Арҭ асахьақәа уанрыхәаԥшуа еиҳа лассы-лассы арахь аара азы агәазыҳәара узцәырҵуеит. Сара сгәаанагарала, асахьаҭыхыҩ даара ибзианы аус иуит, уи иусумҭақәа зегьы ирбар ахәҭоуп».  

Асахьаҭыхыҩ хаҭалатәи ицәыргақәҵа Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.

Борис Ашәба – Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Рырҿиаратә Еидгыла алахәылас дыҟоуп.  Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ доушьҭымҭоуп. 1989 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет далгеит. Аекономикатә наукақәа ракандидат ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Борис Ашәба иусумҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, Испаниа, Ҭырқәтәыла хазхаҭалатәи агаллереиақәа рҿы ишьҭоуп.

«Апортрет, апеизаж, анатиурморт, уҳәа реиԥш иҟоу, автор дзызхьаԥшуа еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы, сара сгәаанагарала, еидызкыло ҳәа иҟоу асиужеттә ҵакы змоу асахьақәа роуп.  Урҭ сара ирылызбаауеит асахьаҭыхыҩ гәкԥсыкала иԥсадгьыли иуаажәлари дшырзыҟоу, урҭ рхьааи рлахьынҵеи шрыцеиҩишо. Аԥсны аҭоурыхи ажәытә легендақәеи атрадициақәеи, ааигәа имҩаԥысуаз атрагедиатә хҭысқәеи дрызхьаԥшуа, асахьаҭыхыҩ арҿиаразы ҵҩа змаӡам ашьаҭеи ҳәаа змаӡам ахыҵхырҭеи иоуеит. Ас еиԥш иҟоу аимпульс даара акыр аҵанакуеит, уи арҭ асахьақәеи аграфикатә ҭыхымҭақәеи збо ахәаԥшыҩ хра злоу аемоциақәа изцәырнамгар залшом, аха зегьы ирыцку - еиуеиԥшым  асахьаркыратә хаҿқәа рыла иаарԥшу ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лаша ақәгәыӷреи иара Аԥсҭазаара ахаҭа ахь Абзиабареи роуп», –  абас Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа руак аҿы дықәгылауа Борис Ашәба иҟазара ахәшьара ааиҭеит асахьаҭыхыҩ, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Рырҿиаратә Еидгыла алахәыла Дмитри Костылев.

Ацәыргақәҵа аус аулоит абҵарамза 24 аҟынӡа.

 

 

 

 


Read 241 times - Ахаша, 15 Абҵара 2023 12:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.