pressadmin-2
Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра Ԥсҳәы ақыҭантәи ауааԥсыра рзы зыхәԥса 230 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо ахәшәқәа рзоунажьит.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭантәи ауааԥсыра ахәшәқәа рзоурыжьит.
Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа аҿы цәыббрамзазы мҽхакы ҭбаала имҩаԥгаз адиспансеризациа аихшьаалақәа рыла, ақыҭаҿы инхо ачымазцәа рыхәышәтәразы ихымԥадатәиу ахәшәқәа рсиа шьақәыргылан.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Идҵа инақәыршәаны, аминистрра изыхәҭоу зегьы хәшәыла реиқәыршәара азы ахәшәқәа раахәара еиҿнакааит.
Ахәшәқәа рсиа иалалеит: авитаминтә комплексқәа, аепилепсиаҿагыларатәи аллергиа хызҽуа аппаратқәа, ахьаартәагақәа, антибиотиқәа, антисептикқәа, ашоурартәагақәа.
Зынӡа иаахәаз ахәшәқа ирақәхарџьхеит 230 нызықь мааҭ инареиҳаны.
Артур Гагәылиа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Идҵа ала Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу 2 акласс Ацҳаражәҳәаҩ Артур Гәыргәылиа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәатәи Мрагылареи Африкеи Рдепартамент аиҳабыс дҟаҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Артур Гагәылиа 20-шықәса инареиҳаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус иуеит. Иара еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иарбоу ахылаԥшырҭа ихадоу адепартаментқәа анапхгара аиҭон.
2012 ш. – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рмин
Инал Ардӡынба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц .
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩ ҿыц Левент Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмч змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи онлаин реицәажәара.
Инал Арӡынба Левент Аҭрышба идиныҳәалеит инапынҵа ҿыц, изеиӷьеишьеит иусураҟны ақәҿиарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы ареанимациатә ҟәша аартра азԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахырхарҭа иақәшәо аҳақьымцәа алархәны Аҟәатәи аҿыкчымазара ахәышәтәырҭа ашьаҭаҿы ареанимациатә ҟәша аартра азҵаара алацәажәаразы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делбеи Аҟәа ақалақь Ахадара Агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воубеи.
Аҟәатәи аҿыкчымазаратә хәышәтәырҭа аҿы ареанимациатә ҟәша аартразы аԥшьгара ҟарҵеит иарбоу ахәышәтәырҭа анапхгара.
Алхас Кәыҵниа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» даҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа абҵарамза 15 рзы Урыстәыла аккредитациа змоу аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәаҩцәа рзы ҷыдала еиҿкааз, «Урыстәылатәи Афедерациа иуникалтәу аихьӡарақәеи алшарақәеи ирызку» Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» ахь аекскурсиа ихы алаирхәит. Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Урыстәыла» Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа аҿы абҵарамза 4 рзы аофициалла иаатит. Уи аус аулоит мшаԥымза 12, 2024 шықәса аҟынӡа.
Аекскурсиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаанырцәтәи апартниорцәа аус рыцуразы аперспектива ҿыцқәа аазыртуа Урыстәыла ааглыхратә, аенергетиатә, атехнологиатә, акультуратә потенциал аиҳарак ахшыҩзышьра аҭан.
Асалам шәҟәы зҭоу аԥатлыка Аԥснынтәи Анапаҟа инаӡеит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асалам шәҟәы зҭоу аԥатлыка Аԥснынтәи Анапаҟа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Вестник Кавказа».
Анапа амшын аҟәара иҿықәнажьлеит асалам шәҟәы зҭоу аԥатлыка. Уи уаанӡа Пицунда зыԥсы зшьоз атуристцәа аӡы ихырҵеит.
«Ари иреиӷьу курортуп! Иаҳҭаху ҳгәы иҭакны ҳацҳамҭа зҭоу аԥатлыка амшын ихаҳҵоит», – ҳәа иаҳәоит асаламшәҟәы атекст.
Асаламшәҟәы авторцәа уи зыԥшааз анасыԥ изеиӷьаршьеит.
Ари асаламшәҟәы зҭаз аԥатлыка 10 мыш аӡы ихын, уи ари аамҭа иалагӡаны 350 км. рҟынӡа инаскьеит. Иара дәықәҵан цәыббрамза 26 рзы.
«Жьҭаарамза 6 рзы аҳәарԥарра Малыи Утриш ахылаԥшратә ҵакыра ахыи-аҵыхәеи дырхысуа ари аҳәарԥсарра аинспектор игәеиҭеит иарбоу ацҳамҭа», - ҳәа адырра ҟарҵеит аҳәарԥсарра апресс-маҵзура аҟны.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҭаххрақәа рзы иҷыдоу автомашьынақәа ҩба аахәоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Залсралшара ҳараку амашьынақәа ааигәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амедицинатә усбарҭа аԥшаара-еиқәырхаратә отриад ахь инагахоит.
Иҷыдоу атранспорт аҳәынҭқарратә биуџьет аԥаратә хархәагақәа рыла иаахәоуп.
Аслан Бжьания адинистрациақәа рхадақәа алархәны инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аилацәажәара мҩаԥигеит Ахада Иадминистрациа, Аиҳабыра рнапхгара, ақалақьтәи, араионтәи администрациақәа рхадацәа, апарламенттә еилакқәеи аӡбаратә еилазаареи рнапхгаҩцәа алархәны.
Аилацәажәараан аҳәынҭқарра Ахада аиԥылара иалахәыз Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара алҵшәақәа рылеиҳәеит.
Иара убас аилацәажәараҟны иахцәажәеит афымцамчтә шәарҭадареи аекономикаҿы иактуалтәу азҵаарақәеи.
Афонд «Ашана» абар шьҭа 12 шықәса ирылагӡаны акциа «Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап» мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Абҵарамза 15 рзы Агәыҳалалратә фонд «Ашана» имҩаԥнаго акциа хада «Ҳаидгыланы аԥсҭазаара еиқәҳархап» 12 шықәса ахыҵуеит!
12 шықәса – ари имаҷу, мамзаргьы ирацәоу?
Ари азҵаара аҭак ҟарҵоит Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аусура аеффективра атәы зҳәо арбагақәа.
Убас, иҳаҩсыз 12 шықәса рыла ачымазара бааԥсқәа змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазоуҳажьхьеит 101 миллион 878 нызқьи 425 мааҭ. 427-ҩык ахәыҷқәа рзы 621 курс ахә шәоуп. 260 инареиҳаны агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥган.
Руслан Ҭаркьыл иԥсыжра аиҿкааразы акомиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыԥсҭазаара иалҵыз аштангашьҭыхҩы, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла, иара убасгьы адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон Иорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден занашьоу Руслан Расим-иԥа Ҭаркьыл иԥсыжра аиҿкаара азы аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала аҳәынҭқарратә комиссиа еиҿкаауп.





