АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, О.Беигәуа имҩала инагоу аӡымҩангага шәыра ԥхасҭахеит. Аиԥҟьара аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы ҽынла ауп ианыҟала.  «Аӡыканал» аусзуҩцәа аус руан рашәарамза 16, асааҭ ҩба рҟынӡа.  Иахьа, амш агәазы ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылахеит. Абри атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал» аиҳабы Даур  Пачкориа.  

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еицырдыруа урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт мҩаԥысит.

Ахәылԥаз аартуа, амҩаԥгаҩ Есма Џьениа амузыкант активла имҩаԥиго агастрольтәи арҵаҩратәи иусуреи, уи Аԥснытәи артистцәеи иареи русеицуреи ртәы еизаз ирзеиҭалҳәеит.

Ишьақәгылаз атрадициа ала, аскрипкарҳәаҩы ҳреспубликаҿы иқәгылараан аконцерт рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарратә филармониа артист ҿарацәеи аԥышәа змоу анагӡаҩцәеи. Убасҵәҟьа иҟалеит иацы имҩаԥысыз аконцертгьы. Араҟа иқәгылеит Нана Черқьезиа (сопрано), Кристина Ешба (сопрано), Елена Ҳагба (арфа), Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Алеқсандр Аҩӡба (альт), Светлана Сариан (афортепиано), Лана Адлеиба (афортепиано).

Апрограмма еиуеиԥшым аепохақәа ирыҵанакуа аклассикатә музыка ала ишьақәгылан: Бах иҟынтәи Роберто ди Марино иҟынӡа. Аконцерт даара игәылҭәаахеит, уи ҩ-сааҭк рҟынӡа имҩаԥысуан. Акомпозиторцәа Чаиковски, Брамс, Креислер, Сен-Санс шьахәла инагӡаз рсолотә рҿиамҭақәа рнаҩс Виктор Абрамиан-Ешба афилармониа асолистцәа дрыцны ансамбль аилазаарала дықәгылеит.  Убас, иара Емилиа Терзиан-Ҳагба длыцқәгыло инаигӡеит Бах ирҿиамҭақәа рыла ре-минор аконцерт, Елена Ҳагԥҳаи Алеқсандр Аҩӡбеи дрыцқәгыло – Габриель Форе исиуита.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» (ҷыдала зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи) рзы ахара зду Ҭыџьыктысҭан атәылауаҩҳәсақәа ҩыџьа – 2001 шықәсазы ииз Нулифар Бозоровеи 1978 шықәсазы ииз Маидагул Рахимовеи рганахьала ахарадҵатә зыӡба аднакылеит.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Нулифар Бозоровеи Маидагул Рахимовеи ҷыдала зыкапан рацәоу – 11,142 грамм грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «метадон» изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапа ақалақь аҿы Урыстәылазегьтәи анапылампыл Афедерациеи Аԥсны анапылампыл Афедерациеи аусеицуразы Амеморандум  рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Амеморандум аганқәа русеицура азеиԥш принципқәа ҳәаақәнаҵоит, иара убас Афедерациақәа иалкаау ахырхарҭақәа рыла русеицура ацҵара азԥхьагәанаҭоит. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыҟаҵаратә, аӡбаратә, аметодикатә ԥышәа ала аимадара, асеминарқәа реиҿкаара, аҵара-зыҟаҵаратә еизгақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡареи алыршахоит.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Урыстәылазегьтәи анапылампыл Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылазегьтәи анапылампыл Афедерациа адиректор хада Андреи Горбенкои Аԥсны анапылампыл Афедерациа апрезидент Аслан Ҭырқьбеи. Аусмҩаԥгатә ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала ихы алаирхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь Ахадараҿы агеодырраҭаратә хсаалага – Аҟәа ақалақь агеографиатә информациатә система  аӡыргара мҩаԥысит. Агеодырраҭаратә хсаалага еиқәиршәеит Ахра Бжьаниа.

2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадареи Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Карта»  аҳҭнықалақь ацифратә хсаалага аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аӡыргара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, иарбру ахсаалага зусураҿы даара ихәарҭа дуны иҟало аҳҭнықалақь Ахадара аҟәшақәа русзуҩцәеи рнапхгаҩцәеи.

«Иарбоу агеографиатә информациатә система иарбоу адыррақәа ахырхарҭарацәала ишьақәгылоуп – уахь иаҵанакуеит еиҿыгоу, ҳаԥхьаҟа аконкретизациа азура зылшо еиҳа иԥкаау абаза. Аусура ихадоу ахәҭа мҩаԥгоуп – ашьаҭа ӷәӷәа аԥҵоуп», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. В рамках мероприятий Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара Жәларбжьаратәи апарламенттә форум«Пушкин иԥхьарақәа» инарымаданы аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациеи УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Апарламентбжьаратә комиссиа урыстәылатәи аган ацхантәаҩыс иҟоу Пиотр Толстои иԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» аспециалистцәа хымшуп иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Гагра араион аҿы аихамҩақәыԥса иқәнажьыз агәам-сам аҟынтәи арыцқьара иазку аусурақәа рынагӡара иаҿууижьҭеи.   

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа рашәарамза 14 рзы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аслан Бжьаниа излауа ала ирласны аихамҩа ала аныҟәара алагара алыршара азы адҵа ҟаиҵеит. 

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» анџьныр Хада Леонид Ҟәыруа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, аусурақәа уахи ҽни инеиԥынкыланы имҩаԥысуеит, иадгалоу аспециалистцәа зегьы адгалоуп.

«Ҳаспециалистцәа зегьи урыстәылатәи ҳколлегацәа арра-еиҭашьақәыргыларатә бригадеи абар шьҭа хымшуп аус руеижьҭеи. 95% рҟынӡа арыцқьаратә усурақәа нагӡоуп. Ҳара аихамҩақәыԥса адагьы ашпалақәеи арельсқәеи ҳаԥсахуеит, афымцацәаҳәатә шьаҟақәа еиҭашьақәҳаргылоит. Иҟоуп иҵнаӡәӡәааз аҭыԥқәагьы», - ҳәа иҳәеит Леонид Ҟәыруа.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аплошьадка аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи рыбжьара «Урыстәылатәи аиуристә хаҿы ала В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭалагареи анаҩстәи аексплуатациа амҩаԥгареи рзы аинвестициатә проект анагӡаразы» Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәахьа, рашәарамза 12 рзы имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигон аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.   

Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, адепутат Нарсоу Салаҟаиа иаԥшьгарала  адепутатцәа «Азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит.

Зыдгалара мҩаԥгаз апроект абарҭ афакторқәа ирыдҳәаланы иҟоуп: раԥхьаӡа иргыланы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә бираҟ азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 1 еиҳа инарҭбааны уи ахҳәаа аҟаҵаразы ариашара алагалара хымԥадатәиуп. Зыдгалара мҩаԥгоу ариашара Аҳәынҭқарратә бираҟ автор, асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа иархивтә материалқәа рыла ишьаҭаркуп. Ахәҭакахьала, араҟа зыӡбахә ҳәоу абираҟ ацәаҳәақәа рыҟны аԥштәқәа – аиаҵәеи ашкәакәеи рҵакы атәы ауп. 

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәахьа, рашәарамза 12 рзы имҩаԥысит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигон аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.   

Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, адепутат Нарсоу Салаҟаиа иаԥшьгарала  адепутатцәа «Азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит.

Зыдгалара мҩаԥгаз апроект абарҭ афакторқәа ирыдҳәаланы иҟоуп: раԥхьаӡа иргыланы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә бираҟ азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 1 еиҳа инарҭбааны уи ахҳәаа аҟаҵаразы ариашара алагалара хымԥадатәиуп. Зыдгалара мҩаԥгоу ариашара Аҳәынҭқарратә бираҟ автор, асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа иархивтә материалқәа рыла ишьаҭаркуп. Ахәҭакахьала, араҟа зыӡбахә ҳәоу абираҟ ацәаҳәақәа рыҟны аԥштәқәа – аиаҵәеи ашкәакәеи рҵакы атәы ауп.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.