«Иахьа арабтәи атәылақәа активла аҿиара иаҿуп, ахәаахәҭреи афинансттә усхкқәа рҿы, иара убас аинновациақәеи анаука-хархәаратә ҭҵаарақәеи рҿы иааубаратәы аихьӡарақәа аадырԥшуеит. Аԥсны аинвестициақәа ралагалара азы ахшыҩзышьҭра зуҭаша тәыланы иҟоуп, араҟа уи азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алыршоуп. Аԥсны жәларбжьаратәи аусеицуреи адунеизегьтәи аекономикатә еилазаара ахь аинтеграциеи иазырхоу аполитика мҩаԥнагоит. Ҳара ҳреспублика зегьы реиҳа инарҭбаау аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азы иаартуп, иҟоу аимадарақәа рырӷәӷәара адагьы, иҿыцу апартниорцәа рырҳареи иазинтересуп» - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Ҭамила Мерцхәлаа.
Лара иара убас еизаз иргәалалыршәеит, хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иахьа Шьамтәыла, Иорданиа, Египет, Ливан, Ҭырқәтәыла, уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы ишынхо.
Аилатәара аҿы ирылацәажәеит Шьамтәыла аҿиареи адгылара аҭареи ирызку апроектқәа реицынагӡара азҵаара, иара убас жәларбжьаратәи арена аҿы азеиԥш интеграциа хықәкыс иҟаҵаны афедерациақәа зегьы русеицура, атуризм аҿиара, анапҟазацәа адгылара рыҭара, уҳәа егьырҭ азҵаарақәагьы.
Аиԥылара иалахәыз Палестина ажәлар уажәтәи рҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи рԥеиԥши рзы агәҭынчымра аадырԥшит.
Аилатәара ашьҭахь Ҭамила Мерцхәлаа Аԥсны азы азҿлымҳара аазырԥшыз арабтәи афедерациақәа рлахәылацәа рызҵаарақәа рҭак ҟалҵеит.