АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2023

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи астрономиатә олимпиада рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 14 инаркны  абҵарамза 22 аҟынӡа  афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы имҩаԥысуеит II Жәларбжьаратәи астрономиатә олимпиада  (Open World Astronomy Olympiad 2023).

Аинтеллектуалтә еицлабрақәа еиуеиԥшым аформатқәа рҿы Урыстәыла, Аԥсны, Беларуссиа, Венесуела, Иран, Перу, Ҭаџьыкьысҭани Узбекьысҭани уахь иналаҵаны, зынӡа 14 тәыла рҟынтәи 79-ҩык рхы аладырхәуеит.

А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 арҵаҩы Асида Ԥачалиаԥҳа напхгара зылҭо аԥснытәи акоманда аилазаараҿы иҟоуп Кьаасоу Аргән, Давид Кузьмичов, Саҭанеи Лагәлаа, Алеқсандр Воуба, Саида Бжьаниа, Леуарса Қаџьаа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аолимпиада адунеи зегьы аҟынтәи иарбоу амаҭәар иналукааша аспециалистцәеи астроном ҿарацәеи еиднакылоит. Иара жәларбжьаратәи академиатә еимадарақәа рырӷӷәара аус аҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.

Аицлабрақәа рнаҩс, астроном ҿарацәа рзы иазԥхьагәаҭоуп инарҭбаау аҵарадырратәи акультуратәи апрограмма, астрологиа азы алекциақәа, амастер-классқәа рымҩаԥгара, «Сириус» аҵакыра аҿы аекскурсиа амҩаԥгара, уҳәа убас иҵегьы.

Жәларбжьаратәи астрономиатә олимпиада – ари еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 14-18 шықәса зхыҵуа ашколхәыҷқәа рзы астрономиа амаҭәар ала есышықәса имҩаԥысуа, аинтеллектуалтә еицлабрақәа злагалоу аҵарадырра-рккаратә усмҩаԥгатә ауп. Жәларбжьаратәи астрономиатә олимпиада (IAO) ахықәкы хадақәа иреиуоуп: аҟыбаҩ злоу аҿар астраномиеи аԥсабаратә наукақәеи рыпроблемақәа разхьарԥшра.


Read 257 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 13:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.