АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

«Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡара иазку уснагӡатәқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа аԥсахрақәа алагалоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа «Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡара иазку уснагӡатәқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа аԥсахрақәа ралагаларазы  Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"1.Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡара аԥҟаразы 2019 шықәса 04 лаҵарамза аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу  Аамҭалатәи аԥҟара иалагалазааит абарҭ аԥсахрақәа:

1) пункт 2.2. аҟны ахԥатәи абзац аҟны ажәақәа «инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа реиқәыԥхьаӡа» рнаҩс ихарҭәазааит ажәақәа «, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу (аусмҩаԥгатәқәа ирышьашәалоу апрограмма (апроект) анагӡаразы иазԥхьагәаҭоу) икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхьыӡқәа арбаны, )» рыла;

2) аҩбатәи абзац пункта 3.1. ажәақәа «анагӡара ааамҭақәа» харҭәаазааит ажәақәа «, инагӡахо аусмҩаԥгатә иарбанзаалак, уи иазоушьҭхо афинанс амҽхаки Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу иашьашәалоу икоммерциатәым аиҿкаара ахьӡи арбаны, (апрограмма (апроект) анагӡаразы иашьашәалоу икоммерциатәым аиҿкаара адԥхьалара азԥхьагәаҭазар);» рыла;

3) ихарҭәаазааит апункт 3.1.1 абри аҵакы змоу:

«Атәымтәылатә иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа радԥхьалара азԥхьагәазҭо иашьашәалоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанаго апрограмма (апроект) иацнаҵоит адокументқәа абри атәы зҳәо:

- икоммерциатәым аиҿкаара ашәҟәы аҭагалареи аҳазалхратә шәҟәҭагалараҿы ишықәыргылои рзы аинформациа;

- аганқәа еиқәшаҳаҭны аусмҩаԥгатә анагӡаразы ирыдыркылаз аԥҟара (знапаҵаҩра азԥхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәагьы убрахь иналаҵаны); 

- аусмҩаԥгатә иашьашәалоу апрограмма (апроект) анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны афинанс азоушьҭра амҽхак»;

4) апункт 3.6. после слов «афинансзоушьҭра ашәагаақәеи ахыҵхырҭақәеи,» рышьҭахь ихарҭәаазааит ажәақәа «, инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа реиқәыԥхьаӡа, иара убас аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу аиҿкаарақәа икоммерциатәым аиҿкаарақәа (ԥаса задԥхьалара азԥхьагәаҭаз рыԥсахра) радԥхьалара» рыла;

5) апункт 4.3:

аҩбатәи абзац абри аредакциала ианҵазааит:

«Апрограмма (апроект) анагӡаразы ианалк-алкны аҳасабырбақәа нагахоит ииасыз аквартал иашьҭанеиуа амзартә кварталцыԥхьаӡа амза 10 иахымгакәа апрограмма (апроект) анагӡара алагамҭа арыцхә иахьыԥшымкәа».

  1. Абри Аусԥҟа амч аиуеит ианаҵаҩха арыцхә инаркны.
  2. Ишьақәыргылазааит абри Аусԥҟа амч анаиу арыцхә инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭхарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны апрограммақәа (апроектқәа) назыгӡо иҳәынҭқарратәыми жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа ирыдуп иара убас ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны изықәнагоу аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммақәа (рыпроектқәа) рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ашәҟәы иҭагалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа радԥхьалара иазку ахәҭаҟны апрограмма (апроект) аҟны аԥсахрақәа рақәыршаҳаҭра».

 

 

 


Read 232 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 12:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.