АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

«Аӡыканал» Лакоба имҩеи Калмыков имҩеи реихысырҭеи Лакоба имҩеи Џьонуа имҩеи реихысырҭеи рҿы иажәхьоу аӡымҩангагақәа рыԥсахра мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал» Лакоба имҩеи Калмыков имҩеи реихысырҭеи Лакоба имҩеи Џьонуа имҩеи реихысырҭеи рҿы иажәхьоу аӡымҩангагақәа аҿыц ала рыԥсахра мҩаԥнагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аспециалистцәа аӡцәцарақәа рыҟамлара азы иқәсхьаз, зхархәаратә ҽҳәара нҵәахьаз аҭыџьтә ӡымҩангагақәа апластик иалху ашәырақәа рыла ирыԥсахит. «Аӡымҩангагақәа ирыдҳәаланы ауадаҩрақәа ыҟан, лассы-лассы иԥжәон, уи азы адырра анҳаулак аҭыԥ ахь ҳаауан, еиҭашьақәҳаргылон. Убри аҟнытә аӡбара рыдыркылеит урҭ рыԥсахразы. Ажәытә шәыра акыр иқәсхьан, ибаахьан, ижьакцеит. Уажәы апластик иалху ашәыра шьҭаҳҵеит, уи аспециалистцәа ишырҳәо ала 120 шықәса анҵыра амоуп. Здиаметр 110 миллиметр рҟынӡа иҟоу ашәыра 100 метра рҟынӡа инагоуп, 63 мм. иҟоу - 70 метра», - ҳәа иҳәеит «Аӡыканал» анџьныр хада Мираб Анқәаб. Ашәырақәа рышьҭаҵара аламҭалазы аӡҩаршьҭақәа рыҟаҵара иазкны комплексла аусурақәа мҩаԥган. Иарбоу аҭыԥ аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аҳҭнықалақь Ахадара афинанстә цхыраарала имҩаԥысуан.

«Аҩнеихагылақәа рыгәраҵақәа ақәоурақәа рышьҭахь аӡы рыҵалон. Ари азҵаара аӡбара комплексла азнеира рыӡбеит – аӡҩаршьҭратә црыӡмҩангага зегьы рхиоуп, аихацқәа ҟаҵаны ишьҭоуп. «Аӡыканал» аусурақәа рхыркәшара ашьҭахь русурақәа рынагӡара иалагоит Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аиқәыршәазаара», - ҳәа иҳәеит Мираб Анқәаб. 

Аамҭак ала «Аӡыканал» Арӡынба имҩеи Ҳараниа имҩеи реихысырҭаҿы иҿыцу аӡымҩангага ашьҭаҵара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥнагон. Иара убас Имам Шамиль имҩаду ала аӡцәцара аанкылара иазкны аусурақәа мҩаԥган.

 

 


Read 169 times - Аҩаша, 21 Абҵара 2023 00:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.