Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аузуҩцәа Аҟәа ақалақь дааныркылеит 2000 шықәсазы ииз Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ Бобоназаров Шухраҭ Комил-иԥа.
Иаанкылаз иазҵаара аан идырбалеит 17 еилаҳәара, урҭ иргәылан ишкәакәоу, аххыраԥшра змоу «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апрес-маҵзура.
Иаанкылаз Шухраҭ Бобоназаров ишиҳәаз ала, иара Аԥсныҟа дааит анаркотикқәа аҵәах-ҭыԥқәа рхархәарала аҭиларазы, иара убри ала аԥара арҳаразы.
Ашаҳаҭцәа адгаланы Ҷанба имҩала иҟоу аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа ирбеит аҭиразы ирхиаз, анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа 8 еилаҳәара.
Иааидкыланы Шухраҭ Бобоназаров имхын 15 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотик «метадон», уи зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар ҳәа иԥхьаӡоуп. Ашьаус хацыркуп, иара даанкылоуп.
Шухраҭ Бобоназаров Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, ап. «в» инақәыршәаны иазԥхьагәаҭоу ацәгьоураҿы дыгәҩароуп. Иара дбаандаҩыртәит. Иарбоу ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә ҟәша.