АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

Жәларбжьаратәи аконференциеи ацәыргақәҵеи «LIBCOM-2023» Суздаль ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XXVII Жәларбжьаратәи аконференциеи ацәыргақәҵеи «LIBCOM-2023»: «Аинформациатә технологиақәа, акомпиутертә системақәеи абиблиотекақәа рзы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа» мҩаԥысуеит абҵарамза 19 - 24 рзы Суздаль ақалақь аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аконференциа аԥсуа ган аҟынтәи рхы аладырхәуеит И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа, абиблиотека аусзуҩцәа Елеонора Агәмааи Светлана Гергиеи.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа:

– Урыстәыла Аҳәынҭқарратә иаарту анаука-техникатә библиотека;

– Аелектронтә библиотекақәеи иҿыцу аинформациатә  технологиақәеи реиқәыршәаҩцәеи рхархәаҩцәеи еидызкыло Жәларбжьаратәи ассоциациа;

– Амилаҭтә библиотекатә ассоциациа «Ҳаԥхьаҟатәи абиблиотекақәа».

Абарҭ атемақәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп: ҳаамҭазтәи аинформациатә, акомпиутертә, аинтернеттә технологиақәа абиблиотекатә практика аҿы рҭагылазаашьеи рыҿиара аперспективақәеи, афедералтә проектқәа, Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи рыпрограммақәа, ҳаамҭазтәи аҵарадырратә технологиақәа рҿы аинновациақәа,  аинформациа аҭыжьыҩцәеи абиблиотекақәеи русура азинтә аспектқәа, аелектронтә библиотекақәеи аелектронтә информациатә ресурсқәеи, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәеи.

Аконференциа амҩаԥгараан аус аулоит аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу ацәыргақәҵагьы. Уи атемақәа: аинформациатәи абиблиотекатәи аус аҿы ҳаамҭазтәи акомпиутертәи аинтернет-технологиақәеи, аелектронтә информациеи аелектронтә ресурсқәеи, аҭыжьратә аалыҵ, абиблиотекатә еиқәыршәагақәеи аматериалқәеи, аҵарадырратә технологиақәа, ашколқәеи егьырҭ иашьшәалоу ахырхарҭақәеи рзы уахь иналаҵаны.

 


Read 276 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 23:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.