АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

Урыстәыла аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭала 3 млрд. мааҭ инареиҳаны Ленинградтәи амацәаз иҭакыз ауаа ирзоужьхоит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара «Ленинград ахьчаразы» амедал занашьоу аветеранцәа, мамзаргьы «Амацәаз иҭакыз Ленинград иалахан иҟаз» адырга занашьоу  зныктәи ашәатәқәа рызшәара азы 3 млрд. мааҭ инареиҳаны иазоунажьуеит.   Уи азы ақәҵара инапы аҵаиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

«Зныктәи ашәатәы аицҵалыҵ 50 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Уи Урыстәыла инхо реиԥш, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие, Латвиа, Литва, Естониа инхо аблокада зхызгаз ауаа ирызкхоит. Ашәатәқәа роуроуп 60 нызықьҩык инарзынаԥшуа. Ирыдыркылаз аӡбамҭа Ленинград  ақалақь афашистцәа рҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра иадҳәалоуп», - ҳәа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахь азхьарш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Агентра «ТАСС».  с


Read 174 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 23:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.