
pressadmin-2
Иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҩнқәа актәи реихагылақәа аӡы рыҵалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьжьымҭан иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны, Гәдоуҭа араион ҭыԥқәак рҿы аҩнқәа аӡы рыҩналеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофициалтә саит.
Зегьы реиҳа азарал роуит акинотеатр «Кьараз» азааигәара игылоу аҩнқәа.
Инал Арӡынба: Аԥсны Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа аинвестициа-економикатә ус ацура иазхиоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы асас-ҳәынҭқарраны иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит, урҭ рхықәкы хаданы иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа рекономикатә потенциал аӡыргара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥсны Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа аинвестициа-економикатә ус ацура иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Инал Арӡынба иара убас Петербургтәи жәларбжьаратә аекономикатә Форум аҿы иҟоу Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа апавилион даҭааит.
«Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа исуверентәу адәныҟаполитикатә курс мҩаԥыргоит, Урыстәыла аизыҟазаашьақәа дырӷәӷәоит, адунеи атәылақәа жәпакы рзы узықәгәыӷыр ҟало апартниор иаҳасабала иқәгылоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
Сергеи Тәанба ауаҩы ишьразы 9-шықәса ҭакрала ахгара иқәҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә ӡбарҭа жьҭаарамза 15, 2022 шықәсазы Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан Мушба Оҭари Алықьса-иԥа гәҭакыла ишьра аҿы ахара зду Тәанба Сергеи Виссарион-иԥа иганахьала ахарадҵатә шьауӷақәҵа аднакылеит.
Апрокуратура Хада асаит аҿы иҟоу адырра ала, Тәанба Сергеи Виссарион-иԥа иарбоу ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп, ахьырхәра аҳасабала 9 шықәса ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакрала ахгара иқәҵоуп.
Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала иҟаҵоу алкаа инақәыршәаны, Тәанба С.В. жьҭаарамза 15, 2022 шықәсазы, Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу аус зымуа арыцлагарҭа зауад ахьчаҩцәа руада аҿы иџьброу арыжәтә идкыланы дшыҟаз, Мушба Оҭари Алықьса-иԥеи иареи ргәы нибархеит. Ирыбжьалаз аимак–аиҿак аҿы Тәанба С.В. игәы ааибаган, имԥыхьашәаз ачыстә ҳәызба аашьҭыхны Мушба О.А. игәахьы ҩынтә дыкшеит. Мушба О.А. игәышԥи ижәҩахыри рахь иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥаҿы иԥсҭазаара далҵит.
Тәанба С.В. идҵоу ахара дақәшаҳаҭымхаӡеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы хабарда ибжьаӡыз ахаҵа иԥшаара мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалацәа, Гагра ақалақь абылра-хьчаратә отриад аусзуҩцәа, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа, иара убас урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рашәарамза 15 рзы, ашьыжь шаанӡа аҟәара аҟынтәи аӡиас Ԥсоу ахь иԥаз Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Проидин иԥшаара мҩаԥыргоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Иҟалаз ахҭыс зыблала избаз ракәхеит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа. Урҭ роуп иҟалаз ахҭыс азы аиқәырхаҩцәа адырра рызҭазгьы. Иҷыдоу аҭагылазаашьа азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭатә пульт ахь иҟалеит аԥшьаша, рашәарамза 15, ашьжьымҭан, асааҭ 8 рзы», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара атекст аҿы.
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахәаԥшразы ицәыргаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рзы азакәан ахь 35 арҽеирақәа рҟынтәи 13 иазықәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәараРашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Ахада иабжьгаҩ Лолуа Р.В. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Гәниа А.А. злахәыз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара 2-тәи аԥхьараан ахәаԥшра азырхиаразы абарҭ азакәанапроектқәа:
«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы»;
«Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы»;
«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».
Аилатәара мҩаԥигон Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Шергелиа Т.А.
Џьамал Делба ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Апрокуратура Делба Џьамал Доди-иԥа ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада асаит.
Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭала ишышьақәыргылоу ала, рашәарамза 11, 2023 шықәса, 00 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан, 2006 шықәсазы ииз Делба Инал Џьамал-иԥа, ауаҩшьра игәы иҭакны, зыхҭаларшә шьақәыргылам, згәыцәеизадоу ашәарыцага шәақь ала, 1972 шықәсазы ииз Делба Џьамал Доди-иԥа иааигәаны диеихсит. Изеихсыз ахаҵа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иаразнак иԥсҭазаара далҵит.
Гәдоуҭа араион аҿы аӷьычраҿы игәҩароу даанкылоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аоперативтә еилазаареи Афон Ҿыц амилициа аҟәшеи русзуҩцәеи рыла Амазаратә ҟазшьа змоу ацәгьоура, даҽакала иуҳәозар атәым мал ампыҵакра иадҳәалоу ацәгьоура аартхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит. Даанкылоуп ацәгьоураҿы игәҩароу, 1982 шықәсазы ииз, Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭаҿы инхо Ԥлиа Давид Теренти-иԥа.
Давид Ԥлиа, Афон Ҿыц ақалақь аҿы дшыҟаз амилициа ахь адырра ҟазҵаз имашьына асаркьа ԥҽны зтәы рӷьычыз ихатәы маҭәақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз асахҭан шәыра иӷьычит. Иӷьычыз амазара амилициа аусзуҩцәа игәҩароу имырхит. Уи иаразнак имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь даанкылан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идныҳәаларатә шәҟәы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа рзаанаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура амш.
Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аԥҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара.
Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра, ҭакԥхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рылоуп Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа.
Очамчыра ақалақь аҿы асасааирҭа «Амшынеиқәа абырлаш» аартра иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы, Очамчыра ақалақь аҿы асасааирҭа «Амшынеиқәа абырлаш» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Асасааирҭа аартра иазкыз ацеремониа ихы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи анаплакҩы Михаил Сыҷынааи алента ҟаԥшь хырҵәеит, «Амшынеиқәа абырлаш» аартра хацдыркит.
Аҳәынҭқарра Ахада адныҳәалара ҟаҵо, иаҵшьны иҳәеит ари Очамчыра араион азы мацара акәымкәа, Аԥсны зегьы азы аҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.
«Аҟәа инаркны Егрынӡа аиԥш зеиԥшу асасааирҭа ыҟаӡам иахьазы. 70-тәи ашықәсқәа рзы излагаз асасааирҭа аргылара акыр шықәса раахыс иаанкыланы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны. Ҳара ари аусура хҳаркәшеит: ҳаамҭазтәи атехнологиақәа инарықәыршәаны иргылоу иагьеиҭашьақәыргылоу 16 еихагыла змоу асасааирҭа иаднакылар алшоит 700-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа.
Ахра Анқәаб агазеҭ «Аԥсны» аредактор хадас дҟаҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуа агазеҭ «Аԥсны» аколлектив дыдирдырит аредактор хада ҿыц Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.
Роберт Џьопуа қәҿиарала аусеицуразы агәыӷра шимоу иҳәеит.
«Ахра Владимир-иԥа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус иуеит. Иара аҵарадырра асистема аҿиараҿы илагала дууп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Ахра Владимир-иԥа аредактортә усура аԥышәа имоуп», - ҳәа иҳәеит Роберт Џьопуа.
Ахра Анқәаб иоуз агәрагара азы ҭабуп ҳәа раҳәо, зыхьӡ нагоу агазеҭ аколлектив қәҿиарала аус рыцура шалыршахо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.
Анқәаб Ахра Владимир-иԥа диит ԥхынгәымза 20, 1974 шықәсазы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.
1981 - 1991 шш. В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара иҵон.
1991 - 1997 шш. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аҿы азанааҭҵара «Аԥсуа бызшәеи алитературеи» ала аҵара иҵон.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.