Нас 12 шықәса – ари имаҷу, мамзаргьы ирацәоу? Ирацәоуп, ахыԥхьаӡара адагьы ахаҭабзиарагьы, ахыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыхәареи ҳалацәажәозар.
Иахьатәи аамҭазы афонд аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Аԥсны згәабзиара зҩыдоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара.
Жәаҳәарада, ҳара иҳамоу аихьӡарақәа рҿы аанкылара ҳгәы иҭаӡам. Ԥхьаҟа ҳцалоит, ҳаҿиалоит, иҿыцу апрограммақәа еиқәҳаршәалоит.
Ҳара ари аамҭа зегьы иалагӡаны иҳацхраауаз, адгылара ҳазҭоз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.
Иҭабуп иаашәырԥшыз агәацԥыҳәареи ақьиареи аразреи арыцҳаибашьареи рзы!
Шәара ишәыбзоураны ауп ари зегьы шзалыршахаз. Ҳаидгыланы ҳара еиҳау аҟаҵара ҳалшоит! Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана».