Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура иҷыдоу азкызаара змоу аотриад аҽазыҟаҵаратә база аҿы атактика-ҷыдалкаатә зыҟаҵарақәа мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, мышқәак ирылагӡаны иҷыдоу азкызаара змоу аотриад аруаа аотриад аҽазыҟаҵаратә база аҿы еиԥш Аладатәи Ешыра ақыҭан иҟоу ахысратә дәы аҿгьы амцатә, абҩарҵәыратә, атактика-ҷыдалкаатә зыҟаҵарақәа ирхысуеит.
Аҽазыҟаҵарақәа раан аотриад аруаа еиуеиԥшым арратә хыдҵақәа рынагӡара рҽазыршәеит.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыла Дмитри Дбар урҭ иҳараку ахәшьара аиҭеит, убри аан хаҭалатәи аилазаара рықәҿиарақәа ҷыдала иазгәеиҭеит.
Иҷыдоу азкызаара змоу аотриад аҩаӡара ҳаракны рҿаԥхьа иқәыргылаз ахыдҵақәа рынагӡара рылдыршеит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар. сказал Прочитано 16 раз.