АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2023

Агәабзиарахьчара Аминистрра ахәшәқәа ррезервтә шьҭаҵарҭа есымша ихарҭәаахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ахылаԥшырҭа ахәшәқәа ррезервтә шьҭаҵарҭа аусура гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусура ацашьа атәы аминистр изеиҭеиҳәеит атәыла Агәабзиарахьчара Аминистрра амедицинатә хархәагақәеи ахәтә маҭәашьарқәеи рыла аиқәыршәара аусбарҭа анапхгаҩы Ахра Аџьба.

Ахра Аџьба, арезерв есымша ихарҭәаахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иахьатәи амш азы аусура аганахьала апроблемақәа ыҟаӡам.

Едуард Быҭәба амедицинатә, ахәшәтә зкызаара змоу амаҭәахәқәа уахь иналаҵаны рыҵәахра, агәабзиарахьчара Аминистрра адҵа ала, иара убас егьырҭ анорма-зинтә усшәҟәқәеи инарықәыршәаны имҩаԥысуеит. 

 

 


Read 265 times - Аҩаша, 14 Абҵара 2023 15:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.