АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2023

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы арҽеирақәа злагалоу 2023 шықәса азы ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьара аҿы 2023 шықәсазы Аԥсны ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит.   

Еидкылоу (аконсолидациа зызу) 2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет азеиԥш-шәага-зага ахашәалахәқәа рыла 13 млрд. 615 млн. 933,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла – 15 млрд. 932 млн. 206,8 нызықь мааҭ  рҟынӡа инаӡоит. Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит цқьа еилкааны  2 млрд. 316 млн. 272,9 нызықь мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоуп.  

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа апараметрқәа цқьа еилкааны рышьақәырӷәӷәара мҩаԥгоуп. Уи аицҵалыҵ 10 млрд. 425 млн. 326,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет аныхтә хәҭа убасҵәҟьа 720 млн. 018,3 нызықь мааҭ рыла аизҳара аганахьала арҽеирақәа алагалоуп, уи аицҵалыҵ 12 млрд. 301  млн. 360,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ареспубликатә биуџьет адефицит  1 млрд. 876 млн. 33,2нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.

«2023 шықәсазы ҳара ҳтәылауаа, иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ауаа хықәкылатәи афинанстә цхыраара рыҭаразы  аҭакԥхықәрақәа наҳагӡар акәхеит. Иара убас, асоциал-культуратә усхкы иадҳәалоу хазы игоу аобиектқәеи Аҟәа ақалақьи араионқәа реиҳараки рҿы иҟоу анапхгараҭаратә обиектқәеи рфинансыркра азы иназыцҵоу азыҳәамҭақәа ҳауит. Убри аҟнытә, шәара азакәан апроект адгылара ашәҭар,… раԥхьатәи ашәатәы зыдҳәалахо иарбоу асоциалтә харџьқәа роуп», – ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Уи иҟаиҵаз аинформациа ала, хықәкылатәи афинанстә цхыраара рыҭахоит 84-ҩык. Уи аицҵалыҵ  76 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа руалафахәы ашьҭыхра алыршахоит.

«Иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы аԥаратә хархәагақәа азԥхьагәаҭоуп», – ҳәа иҳәеит Владимир  Делба.

Абҵарамза-ԥхынҷкәынмза азы – абиуџьет аҟынтәи аулафахәы зауа иацҵаны аԥара роуеит. Убасҵәҟьа ажьырныҳәамза–жьҭаарамза, 2023 шықәсазы аулафахәы аиҭаҳасабркра мҩаԥгахоит.

«Даара ҳақәгәыӷуеит, абҵарамза анҵәамҭанӡа атәыла зегьы иахьаҵанакуа ҳара ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа ишьақәгылаз аивгара нагӡаны ашәара ҳалшап ҳәа», – иҳәеит Владимир Делба.


Read 144 times - Аҩаша, 14 Абҵара 2023 13:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.