
pressadmin-2
Хьыбла Герзмаа рашәарамза 20 рзы Кремльтәи ахан аҿы дықәгылоит.
Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 20, 2023 шықәсазы лҩызцәа лыцны Аҳәынҭқарратә Кремльтәи ахан аҿы дықәгылоит иналукааша аопертә шәаҳәаҩы шьахә, иуникалу абжьы зхоу, ифеноменалтәу адраматә баҩхатәра злоу Хьыбла Герзмаа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Кремльтәи ахан аофициалтә саит.
Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка апублика ирызналгараны дыҟоуп апрограмма ҿыц «Аопера. Џьаз. Акино». Уи иалагалоуп адунеизегьтәи аопертә шедеврқәеи аџьазтә стандартқәеи реиԥш, урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии акинематограф акульттә ашәақәагьы. Ари амузыка шьахә аԥхынтәи ахәылбыҽха ссир азы иааиз азыӡырҩцәа ргәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит.
Аԥсныҟа «Башкириа-аԥснытәи ашықәснҵыра ду» апрограмма ала иаауеит атуристцәа раԥхьатәи агәыԥ.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Башкириантәи раԥхьатәи аԥышәаратә атуристцәа ргәыԥ ааигәа Аԥсныҟа амҩа иқәлоит. Аныҟәара «Башкириа-аԥснытәи ашықәснҵыра ду» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Башинформ.
Апрограмма аофициалла ахацыркра ҟалаанӡа 44 – 46-ҩык рҟынӡа иҟоу раԥхьатәи атуристцәа ргәыԥ раара аиҿкаара азԥхьагәаҭоуп. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит Башкириа Ахада Иусбарҭа аҟны рашәарамза 3 азы атуристтә усхкы аҿиара иазкны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит ашколхәыҷқәа рыбжьара 3×3 амҵәышәмпыл азы II Афестиваль.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 3 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны амҵәышәмпыл азы Афедерациеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи амобилтә еимадара «А-Мобаил», иара убас аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи рыцхыраарала, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш инамаданы, ашколхәыҷқәа рыбжьара 3×3 амҵәышәмпыл азы II Афестиваль мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра.
Мышкы имҩаԥысуаз аспорттә еицлабра рхы аладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи 24 командак. Иаабац амҵәышәмпыла иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, атурнир 3х3 аҿы мҵәышәк ауп иҟоу, убри аан аплошьадка иқәу ахәмарҩцәа рхыԥхьаӡара командак аҟынтәи хҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аматч аҿы аиааира згаз ҳәа иԥхьаӡахоит зегьы раԥхьа 21 кәаҭала, мамзаргьы ахәмарра жәа-минуҭк рыла зегьы раасҭа акәаҭалақәа зырҳауа амҵәышәмпыласыҩцәа.
Аиндаҭлара ӷәӷәа аҿы афестиваль ахьтәы аԥхьахәқәа ргареи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҟынтәи еиуеиԥшым урыстәылазегьтәи аспорттә еицлабрақәеи акультура-ҵарадырратә программақәеи рылахәхара азы алшара аиуразы еицлабуан 100-ҩык инареиҳаны амҵәышәмпыласыҩцәа.
«Ари афестиваль ҵыԥх еиԥш сынтәагьы амҽхак ҭбааны имҩаԥысит. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит ахәыҷқәа ибзиаӡаны иахьыхәмаруаз. Аиаша сҳәар еиӷьуп, ас еиԥш аспортсмен қәыԥшцәа рҟынтәи ари аҩыза апрофесионалтә хәмарра сазыԥшӡамызт иахьа. Уи ҵабыргыҵәҟьаны, уагәылазхалоз атурнир акәхеит. Аԥсны амҵәышәмпыл азы Афедерациа ахьӡала Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови амобилтә еимадара Аилахәыра «А-мобаил» анапхгаҩы хада Бориса Барцыци аспорт аҿиара иазкны имҩаԥырго аусуреи ҳҿар Рыԥсадгьыл ахьӡала еиуеиԥшым аспорттә плошьадка дуқәа рҿы ақәгыларазы ирырҭо алшареи рзы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Афедерациа апрезидент Ераст Агәмаа.
Рашәарамза анҵәамҭазы акруизтә лаинер «Князь Владимир» Шәачеи Аҟәеи рыбжьара ареисқәа мҩаԥнагалоит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа иоужьҭхоит акруизтә лаинер «Князь Владимир». Абри азы РИА «Новости» ахь адырра ҟаиҵеит шәачатәи амшынтә баӷәаза адиректор Иури Владимиров.
«Князь Владимир» Шәачатәи амшынбаӷәаза инеиуеит рашәарамза 21 азы. Аԥсныҟа раԥхьатәи ареис амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп рашәарамза 29 азы. Шәачантәи аӷба уахынла идәықәлоит, анаҩс Аҟәаҟа ахы архоит, араҟа игылазаауеит хымш. Зынӡа аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны алаинер инанагӡоит 11 реис.
Алаинер «Князь Владимир» ала Шәачантәи Аԥсныҟа акруизқәа ружьҭра ала Шәачатәи амшынтә хәаахәҭратә баӷәаза аҿы атуристә мҩасра 5 инаркны 10 процентк рҟынӡа иазҳауеит, ҳәа иԥхьаӡоит шәачатәи амшынбаӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Гагра ақалақь ахь агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Гагра ақалақь ахь агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥигеит.
Аминистр иԥылеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩцәа Адамыр Цишбеи араионтә Еизара адепутатцәеи.
Аминистр амедицинатә центр – иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс аус зуа, еицырдыруа гагратәи аминералтә ӡқәеи атыҩшаӡритәи аҳәынҵәалахәышәтәреи ирызку абальнеологиатә хәышәтәырҭа даҭааит.
Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аусура иаҟәыҵит 2010 шықәсазы, аха хәажәкырамза 2022 шықәсазы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, уи ҩаԥхьа аусура иалагеит.
Абальнеологиатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Валентина Верхотурова лажәақәа рыла, Гагра иҟоу атыҩшаӡритә аҵхырҭа ахәышәтәратә ҟазшьақәа рыла адунеи аҿы иреиӷьуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Ацентр аҿы иҟоуп 52 атыҩшаӡритә ваннақәа, убри аҟараҵәҟьа ыҟан асовет аамҭазгьы. Ара иара убас иҟоуп агидромассажтә ваннақәа, душ Шарко, хамам ҳәа изышьҭоу Мрагыларатәи атәылақәа рҽыкәабарҭақәа, аӡҭарчы (абассеин), иара убас аҳәынҵәалахәышәтәра иазку апроцедурақәа мҩаԥыргоит.
«Ацентр азы амедицинатә еиқәыршәагақәа зегьы Урыстәылантәи иаахәаны иааргеит. Аваннақәа апациентцәа рыкапани роуреи рыҭбаареи ахьеиԥшым ҳасаб азуны шәагаала еиуеиԥшым. Атехникатә аусура алагалара амедицинатә маругақәа рынџьныр ихылаԥшра аҵаҟа имҩаԥысуеит», - ҳәа иазгәалҭеит Валентина Верхотурова.
Абальнеологиатә хәышәтәырҭаҿы аус руеит 35-ҩык аусзуҩцәа, урҭ рахьынтә 34-ҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп.
Абӷашшара аӡаҵаҟатәи арххара акабинет аҭаара ашьҭахь, аминистр атуризм Аминистрра ахарџь ала иарбоу апроцедура абальнеологиатә хәышәтәырҭа иацәыхарамкәа иҟоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центр, абӷашшара апроблема змоу апациентцәа рзы амҩагаразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Пицунда атуристцәа рыдкылара иазхиоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба Пицунда ақалақь атуристтә аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу азы агәаҭара мҩаԥигеит.
Пицунда ақалақь Ахадараҿы, рашәарамза 2 азы имҩаԥысит Ҭеимураз Хьишбеи ақалақь ахада Руслан Хәынцариеи русуратә еиԥылара. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Дмитри Занҭариеи Асҭамыр Барцыци, иара убас апансионатқәа реидгылара «Пицунда акурорт» адиректор Фрикан Гәынба.
Ақалақь ахада Руслан Хәынцариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Пицунда атуристтә аамҭахәҭа иазхиоуп. Ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа зегьы мҩаԥгоуп. Ӡыла аиқәыршәара аганахьалагьы уадаҩра ыҟам, макьаназы аҭыԥ змоу аиԥҟьарақәа зегьы аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирҽеихоит.
Аминистр ақалақьтә плиаж аҭагылазаашьа азы дазҵааит.
Руслан Хәынцариа аплиаж иахьаҵанакуа зегьы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥган ҳәа аҭак ҟаиҵеит.
Ҭеимураз Хьишба ақалақьтә плиаж аҿы аԥсеиқәырхагатә станциа аргылараҿы ацхыраара ҟаиҵеит. Аиқәырхаҩцәа руалафахәы ашәара апансионатқәа реидгылара "Пицунда акурорт" ахахьы иагоит. «Атуристцәа реиҳараҩык Пицундаҟа изаауа аплиаж аҿы рыԥсшьараамҭа рхыргарц азы ауп, убри аҟнытә ихымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит ишәарҭадоу, иманшәалоу аԥсшьаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара. Аԥсеиқәырхаратә станциа ыҟазароуп хымԥада, иара убас аиқәырхага жилетқәа аахәатәуп», – ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хьишба.
Иара убас, аминистр лассы-лассы амшынӡы агәаҭарақәа шымҩаԥгалатәу азгәеиҭеит, уи иҟоу анормақәа ирхымсларц, атуристцәа ргәабзиара хра злам анырра анамҭаларц азы.
Пицунда аӡы даараӡа ицқьоуп, Асанитар-епидемиологиатә Станциа уи ахылаԥшра ӷәӷәа анаҭоит, лассы-лассы, еиԥҟьарада аӡы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, ҳәа иҳәеит ақалақь ахада.
Атуризм аминистр аҭыԥантәи ауааԥсыра усурала реиқәыршәара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит. Араионқәа зегьы рҟынтәи Аԥсны атәылауаа аԥхынра аусуразы Гагреи Пицундеи иаауеит, урҭ излауа ала усурала реиқәыршәара алыршатәуп. Аминистр ҿырԥштәыс иааигеит илаԥш иаҵашәаз Гагра асасааирҭақәа руак ахь аусуразы аусзуҩцәа рыдкыларазы иҟаз алаҳәара. Уаҟа, иара иажәақәа рыла, аусуразы ирыдыркыло доурысзароуп, мамзаргьы дерманызароуп ҳәа иарбан.
Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар Ахәыҷқәа рыхьчара амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ахәыҷқәа рыхьчара амш!
Ахәыҷқәа ҳара аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳәа ҳрыхәаԥшуеит, урҭ рыхӡыӡаара ҳара ҳзы зегьы ирыцкуп. Ахәыҷқәа ауаажәларра рыҩныҵҟа зегь раасҭа иуашәшәыроуп ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә ҳтәылаҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәырханы урҭ ршәарҭадара ахьчара ҳнапы иануп.
Лаша Ашәба: «Ҳара аиҳабацәа ҳзы дарбанзаалак ахәыҷы иччаԥшь, игәырӷьабжь, игәабзиара, иҭынч ԥсҭазаара, аҵара харҭәааны иоуразы, ибаҩхатәра аарԥшразы алшарақәа раԥҵара зегьы ирыцкуп …»
Аҟәа. Рашәарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.
Рашәарамза 1 азы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ареспублика ауааԥсыра Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Акыр иаҳзаԥсоу ахәыҷқәа – ҳҩызцәа хәыҷқәа! Акыр иаԥсоу аиҳабацәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит абиԥарақәа зегьы насыԥ рыманы, гәыблыла изԥыло иреиӷьу жәларбжьаратәи аныҳәа - Ахәыҷкәа рыхьчара амш.
Аоппозициа атәыла Анапхгара ԥхьатәара ашьҭразы адҵа ықәнаргылоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппозициатә политикатә мчрақәа рмитинг Аҳәынҭқарра Ахада ахь адҵақәа зну арезолиуциа рыдыркылеит.
Амитинг аҿы иҟоу атәыла амчрақәа рахь аҽԥынкыларақәа ирыԥхьеит.
Иқәгылоз атәыла иреиҳаӡоу анапхгара агхақәеи ашәарҭара зцу ахықәкқәеи рганахьала ӷәӷәала агәынамӡара аадырԥшуан.
«Ауаажәларра мҽхакы ҭбаала апартаментқәа рыргылареи массала аҳәаанырцәтәи атәылауаа рнырхареи рзы иҟоу агәҭакқәа рганахьала ӷәӷәала агәҭынчымра рызцәырҵуеит. Ас еиԥш аолигархцәа рхылаԥшрала иӡыргахо аглобалтә проектқәа анаҩс Аԥсны хәыҷы азы адемографиатә, аекологиатә, асанитар-епидемиологиатә, уҳәа ашәарҭара ду цәырҵыр алшоит. Иарбоу ахықәкқәа рзы иазоужьхо амшын аԥшаҳәа иаԥну, иара убас ҳақалақьқәа аҭоурыхтә хәҭақәа рҿы иҟоу адгьылхәҭақәа ақалақьргыларатә нормақәа рықәныҟәарада иалкаау аолигархиатә гәыԥқәак рнапаҿы иҟалоит. Ари апроцесс хацырххеит, иаҳа-иаҳа амҽхакгьы ҭбаахоит», - ҳәа иазгәаҭоуп арезолиуциа апреамбула аҿы.
Анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ахьчара рӷәӷәоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 30, аоппозициатә политикатә мчрақәа анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс азааигәара иҟоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит.
Иара анапхгаратә хыбрақәа ркомплекс ахаҭа ахьчара рӷәӷәоуп, иааҿыкәыршаны иргылоуп аихатәы турникетқәеи автобусқәеи. Ахыбрақәа иаакәыршаны игылоуп Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи амилициеи русзуҩцәа.
Уи аԥхьа, лаҵарамза 29 ауха, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киути атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит.