АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Аслан Бжьания Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шықәсырацәа лҵшәабзиала аусуреи аԥсуа телехәаԥшра аҿиара аҿы лрагалеи рзы, «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳыҭыртә хьӡы ранашьазааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа:

Аҩӡба Давид Заур-иԥа;

Аҳәба Шьаризан Гьаргь-иԥҳа;

Бигәаа Владислав Аликсандр-иԥа;

Голанӡиа Медеиа Владимир-иԥҳа;

Дамиров Ельдар Салман-иԥа;

Џьопуа Фариде Родик-иԥҳа;

Квираа Ада Аԥҭа-иԥҳа;

Табаӷуа Оксана Ҭамаз-иԥҳа;

Харцызов Русҭам Илиас-иԥа».

Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥган абҵарамза 3, 2023 шықәса рзы.


Read 218 times - Аҩаша, 07 Абҵара 2023 17:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.