АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2023

Аԥсны аҳазылхыҩцәа 10 мыз рыла ашәахтә лагалақәа ашықәстәи рыплан нарыгӡеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсыпресс.  Абҵарамза 1, 2023 шықәса  рзы иҟаз адыррақәа рыла, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистра, Аҟәа ақалақьи араионқеи ринспекциақәа абиуџьет ашәахтә шәатәқәа ралагалара азы ашықәстәи аплан нарыгӡеит, инацҵангьы инарыгӡеит.

Ҳазҭоу ашықәс жәамз рыла ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу егьырҭ ашәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ – 4 млрд 349 млн 397,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу аплан ала  иазԥхьагәаҭан 4 млрд 222 млн 566,3 нызықь мааҭ. 2023 шықәсазы ашықәстәи аплан анагӡара – 103% рҟынӡа инаӡеит, 10-мыз рыла анагӡара –  126%, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашәахтә шәатәқәа ралагалара  2023 шықәсазы аплантә рбагақәа 126 млн 831,4 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуа ашәахтә лагалақәа ралагалара  ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза иалагӡаны ашәахтә лагалақәа раҳасабала абиуџьет иалагалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ  880,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла ишьақәырӷәӷәан –  593,3 млн. мааҭ.  Анагӡара 148% рҟынӡа инаӡоит.

2023 шықәса 10 мыз ирылагӡаны араионқәа рыла ашәахтә шәатәқәа ралагалара абасала имҩаԥысит:

Аҟәа ақалақь ала 1 млрд 664,7 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу  аплан аан  иалагалахеит  2 млрд  001,8 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  – 120%;

Гагра араион ала 1 млрд 037,9 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан  иалагалахеит  1 млрд 455,7 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  – 140%;

Гәдоуҭа араион ала 312,0 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан  иалагалахеит  431,2 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  –  138%;

Аҟәа араион ала 98,4 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан  иалагалахеит  142,3 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар  –  145%;

Гәылрыԥшь араион ала 83,0 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан  иалагалахеит 117,1 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар –141%;

Очамчыра араион ала 169,1 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан  иалагалахеит 105,4 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар – 62%;

Ҭҟәарчал араион ала –28,8 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан иалагалахеит 37,9 млн. мааҭ, даҽакала иуҳәозар – 131%;

Гал араион ала  44,8 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоу аплан аан иалагалахеит 58,0 млн. мааҭ, даҽаала иуҳәозар  – 129%.


Read 357 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 21:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.