АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Абҵара.2023

Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рҟынтәи аԥсеиқәырхаҩцәа аҳәаа иаԥну аусеицура апланқәа иахҭоу аиҭакрақәа аларгалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи  атәылаҿацә ала Аусбарҭа Хадеи рнапхгараҭара,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи, агәҽанызаара рыҭареи азҵаарақәа рыла аҳәаа иаԥну аусеицуразы реилацәажәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Лев Кәыҵниа, Очамчыра араион ахьчаразы Абылрцәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиеи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахатәы шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы   Леон Гусеинов зеилазаараҿы иҟоу Аԥсны аделегациа дырԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа Хада  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Виктор Бабенко.

Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа Хада  анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Николаи Платонихин «ҳҿапхьа иқәгылоу адҵақәа иреиуоу - ҳусеицура аҳәаақәҵареи, аиқәырхаҩцәа разыҟаҵараҿы ҳԥышәеимдареи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхразы еицаҳзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгареи роуп», ҳәа иазгәеиҭеит.  «Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра анапхгара иарбоу азҵаара, уаанӡа ибжьаҵаз анапхгарабжьаратәи ааиқәшаҳаҭрақәа ҳасаб азуны ихадоу аҵакы змоу зҵаараны иахәаԥшуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Ахәҭакахьала, Лев Кәыҵна, аҩ-тәылак реиқәырхаратә усбарҭақәа русеицура аамҭақәа ишԥыршәахьоу, уи аҿиара атәылақәа рҭахрақәа ишрықәшәо азгәеиҭеит.

Аганқәа иазгәарҭеит еицырзеиԥшу аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу. Аусутә гәыԥ аԥҵаразы аӡбра рыдыркылеит, уи ҩымчыбжь иалагӡаны аусеицуразы аплан еиқәнаршәоит.

Аилатәара анхырәшаха ашьҭахь, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа акризисттә ҭагылазаашьақәа рнапхгараҭара Ацентр шәачатәи аҿга аусушьа гәеиҭеит, иара убас амцарцәаратә гәыԥқәеи аиқәырхаратә техникеи ахьыҟоу абоксқәа дырҭааит.

 


Read 320 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 16:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.