Беслан Џьопуа ақыҭанхаҩа аминистр имаҵураҭыԥ аҿы дшыҟац даанхоит.
Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Беслан Џьопуа Аԥсны Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Уи азы абҵарамза 1 азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Нанҳәамза 13, 1996 шықәсазы ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан №290-с ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, Џьопуа Беслан Циба-иԥа иалеиҵаз арзаҳал ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст.
Беслан Џьопуа ақыҭанхаҩа аминистр имаҵураҭыԥ аҿы дшыҟац даанхоит.