«Аԥсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу аҭаацәара ауп. Раԥхьа уи уахьиз аҭаацәара ауп, анаҩс ухаҭа иаԥуҵо аҭаацәа ауп. Аԥсни Урыстәылеи аиашахаҵаратә дин ныҟәызго аиаҳәшьцәеи аиашьцәеи еидызкыло атема хада, аҭаацәара атема ала ауп Анцәа игәы иаахәо (исабаԥу) аус шалагаз. Уи аԥхын, 2024 шықәсазы жәларбжьаратәи аиашахаҵаратә аҭаацәаратә лагерь аартра иазхоит. Уажәы Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҭаацаратә хеидкылақәа реиҿкаара активистцәа раарԥшреи Урыстәыла иҟоу урҭ рыдгылаҩцәа рыла ацхыраара рыҭареи рзы алшара ыҟоуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.
Урҭ ргәаанагарала, Афорум Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара аиашахаҵаратә усеицуреи адоуҳатә акзаареи рзы хадара злоу шьаҿаны иҟоуп.
Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны апресс-маҵзура.