АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Лаҵара.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩи уи ихаҭыԥуаҩцәеи иааныркылоз амаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба амҩаҿы шәарҭадарада аныҟәара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара ҷыда мҩаԥигеит, акадр рганахьала аԥсахрақәа жәпакы ҟаиҵеит.

Иааныркылоз амаҵурақәа рҟнытә рхы иақәиҭтәуп аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ГАИ аиҳабы Родик Базба, уи ихаҭыԥуаа Рауль Ҳагба, Алхас Еныкь, иара убас аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Инал Агрба.

Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба лахьы иҭан.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра излаанацҳауа ала, ахәылԥаз маи 13 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан автомашьына Таиота аныҟәцаҩ, 1994 ш. азы ииз, аԥсҟы измырманшәалеит, иаԥхьаҟа иаауаз амашьына даҿаланы абетон аанда дасит. Абри иахҟьаны ԥшь-ҩык апасаџьырцәеи аныҟәцаҩи араионтә хәышәтәырҭахь инаган, иара убраҟа рыԥсҭазаара иалҵит. Иҭахаз зегьы 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ракәын.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра УГАИ аиҳабы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп амилициа аподполковник Лоу Инал-иԥа.

Вальтер Быҭәба азинлеишәа алыршара знапы иану аусзуҩцәа рҿаԥхьа ауснагӡатә хадақәа ықәиргылеит.

Иара убас аилацәажәараҿы ишьҭыхын азакәанԥҵара иалагалоу аиҭакрақәа ахрархәара азҵаарақәа, ахәҭакахьала – арыжәтә ыжәны автотранспорт аныҟәцара.

 


Read 156 times - Аҩаша, 16 Лаҵара 2023 21:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.