АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Лаҵара.2023

76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ажурналист, апублицист Валери Ҷолариа.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ажурналист, апублицист  Валери  Ҷолариа.

Валери Ҷолариа (диит ԥхынгәымза 25, 1947 шықәса рзы, Очамчыра араион Агәы-Бедиа ақыҭан)  – аԥснытәи амилаҭтә сахьаркыратә культура аусзуҩцәа нагақәа дреиуоуп.

1960-тәи ашықәсқәа рзы Агәы-Бедиатәи жәлар рхор асолистны дҟалеит.  1972 шықәсазы, аҟыбаҩ злоу ашәаҳәаҩ иаҳасабала Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь ааԥхьара иоуит. Ҩажәижәохә шықәса инареиҳаны аԥсуа жәлар рҟазара апропаганда назыгӡоз еицырдыруа арҿиаратә коллектив ахор аҿы ашәа иҳәон.

1976 шықәсазы Валери Ҷолариа А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә Институт афилологиатә факультет далгеит. Аамҭак азы уи Аҟәатәи атипографиеи агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩыси аус иуан, алитературатә усура инапы алакын. Хазы шәҟәны иҭыҵыз аповест «Аиԥылара» иҩит. Иашәаҳәаратә зҟазазаареи аҟазаратә усуреи еилеигӡон.  

Валери Ҷолари

а Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҿы зҽалызкааз аусзуҩцәа ирызку жәаба инареиҳаны ашәҟәқәа дравторуп. «Нарџьхоу ашьапаҿы», еиԥш иҟоу  Валери Ҷолариа ишәҟәқәа, иара убас асахьаркыра-публицистикатә статиақәа «Акәымжәы акамуфлиаж ала иԥсахны», «Акәашареи аԥси», «Акомпозитор Чепелиански», «Акәашаразы ииз», «Аҟазара амаҵзура», «Ашәаҳәаҩ Закан Ҳалуашь», «Артистцәа рдинастиа», «Аԥсуа кәашара арыцар», «Ҳара Ҳтомас, ҳара Ҳҳаџьараҭ»,  уҳәа убас егьырҭгьы еицырдыруа аԥснытәи апрофессионалтә ҟазара аусзуҩцәа рыҿиара иазкуп.

Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль дацны адунеи атәылақәа рацәаны агастроль ҳасабла дырҭаахьан, ари аинтерес зҵоу аколлектив Азиа, Африка, Лаҭынтәи Америка қәҿиарала рықәгылара атәы иҩуан хыԥхьаӡара рацәала инапы иҵыҵыз астатиақәа рҿы.

1989 шықәсазы Валери Ҷолариа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәылас дҟаҵан. Жәа-шықәса инареиҳаны агазеҭ «Акультуреи аԥсҭазаареи» аредактор хадас аус иуан, қәҿиарала иашәаҳәаратә усуреи аҟазара аусзуҩцәа ирызкны ашәҟәқәа рҭыжьрала анаука-ҭҵааратә усуреи еилеигӡон.  

2009 шықәсазы жәлар рҟазара аҿиараҿы ламысцқьала иусуреи  Аԥсны жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль ашьақәгылараҿы илагала дууи рзы Валери Ҷолариа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьахеит.  

1983 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум  Аусԥҟала Аҳаҭыртә шәҟәы ианашьахеит. указом Президиума Верховного Совета Абхазии награждён Почётной грамотой. Прочитано 333 раз.


Read 161 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.