АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Лаҵара.2023

Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 14 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара занашьоу, Аԥны Афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра амш инамаданы Алада Ешыра ақыҭаҿы Амемориал аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәыит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи ицны арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара _Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Беслан Џьопуа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ашәарҭадара Амаҵзура  амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиҳабырауаа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аветеранцәа, ашколхәыҷқәа.

 

 

 

 

 


Read 193 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 01:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.