
pressadmin-2
Арратә комиссариатқәа рыҟны аконсультативтә пунктқәа аус руеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны арратә акомиссариатқәа рыҟны жьҭаарамза 1 инаркны ҭагалантәи аррахь ааԥхьара акампаниа аамҭахәҭа иалагӡаны, иаԥҵоуп атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡаразы рааԥхьара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аконсультациатә пунктқәа аԥҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Арратә комиссарцәа ақәыршаҳаҭны аконсультациатә пунктқәа русура ахь есыҽны иадыԥхьалахоит арратә комиссариатқәа ааԥхьаратә ҟәшақәа рхаҭарнакцәа, иара убас ааԥхьаратә комиссиақәа амедицинатә специалистцәа.
Аконсультациатә пунктқәа русура ихадоу ахырхарҭақәаны иҟоуп:
Бадра Гәынба абазатәи ауаажәларратә усзуҩцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба абазатәи ауаажәларратә усзуҩ Умар Кончеви Черкесстәи арезина иалху аалыҵқәа рзауад адиректор Хада, Черкесск Адума адепутат Карабек Тлиабичеви идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Асасцәа Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ ироуз адкыларазы иҭабуп ҳәа иарҳәеит. Урҭ Аԥсны аус ацура, ирылшо ала аиашьаратә аԥсуа жәлар ацхыраара аҭара есымша ишазхиоу азгәарҭеит.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рымҩақәа рҿы амашьына арныҟәцаҩцәа ргәаҭаразы ареидқәа рӷәӷәоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рымҩақәа рҿы амашьына арныҟәцаҩцәа ргәаҭаразы апрофилактикатә реидқәа мҩаԥысуеит. Урҭ аиҳарак ижәны амашьына аԥсҟы зкуа раарԥшра иазырхоуп.
Жьҭаараза 16 рзы иарбоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала имҩаԥысуан. Убри аан аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит иара убас аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҷкадууеи Рашь Ҵәыџьбеи.
«Амилициа аусзуҩцәа адҵа рыҭоуп ҷыдала ахшыҩзышьҭра рырҭаларц ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зку ауаа. Ижәны иҟоу аҭыԥ аҿы рмашьынақәа рымырхуеит, 30 000 мааҭ инаӡо административтә хараԥса дыршәаны амашьынарныҟәараз азин шықәсыбжак ҳәа ирымырхуеит. Иаанкыло ахаҿы уаанӡагьы асеиԥш азы дааныркылахьазар амашьынарныҟәараз изин шықәсык ҳәа имырхуеит, 15 мшы дҭаркуеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа «Амра-Банк» аофис ақәларазы аӡбамҭа аԥсахит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа Акоммерциатә Банк «Амра-Банк» аофис ақәларазы аӡбамҭа аԥсахит.
Жьҭаарамза 16, 2023 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы имҩаԥысит адукатцәа Габилаиа И.Г., Ҭаниа М.Г., Цыгба М.Е., Кеиан Р.П., Скнарина И.В. Аҟәатәи аӡбарҭа Быҭәба Асҭамыр Славик-иԥа, Возда Вадим Едуард-иԥа, Кәыҵниа Алхас Нодар-иԥа, Ҵнариа Алиас Амиран-иԥа, Еиупов Валериан Валериан-иԥа, Ӷәынџьиа Артур Ҭемыр-иԥа рганахьала мшаԥымза 12, 2023 шықәсазы иаднакылаз ахарадҵатә зыӡба азашшратә зыҳәамҭа ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәара.
Аус ахәаԥшра ашьҭахь, Ҭарба О.Р.(ахантәаҩы), аӡбаҩцәа: Кәарҷиа (иҷыдоу игәаанагара ҳасаб азурала), Кәыҵниа М.З. рыла зеилазаара шьақәгылаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа мшаԥымза 12, 2023 шықәсазы Быҭәба А.С.,ба, Возба В.Е., Кәыҵниа А.Н., Ҵнариа А.А., Еиупов В.В., Ӷәынџиа А.Ҭ. иаднакылаз азыӡба ԥсахуп.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷақәа рзы Ахашшааратә коллегиа аҳҭнықалақь Ахадара азыҳәара ала Аҟәа ақалақь аӡбамҭа азыӡба ԥсахрада иааннажьит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит. Аилатәара Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәарамза 29, 2023 шықәсазы иаднакылаз азыӡба аганахьала иҟаиҵаз ахашшааратә зыҳәамҭа ахәаԥшра иазкын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иреҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Аус ахәаԥшра ашьҭахь, Ҭарба О.Р.(ахантәаҩы), аӡбаҩцәа: Адлеиба Е.А. , Цәышба М.С. ( Цәышба М.С иҷыдоу игәаанагара ҳасаб азурала) рыла зеилазаара шьақәгылаз Аазашшааратә коллегиа актәи аинстанциа аӡбарҭа азыӡба ԥсахрада иаанажьит. Убас ала, Аҟәа ақалақь Ахадара азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит, Аҟәа ақалақьтә Еизара Аҟәа ақалақь аплан Хада ашьақәырӷәӷара ҟалаанӡа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа акапиталтә ргыларақәа рзы азин аҭара аамҭала аанкыларазы абҵарамза 12, 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа № 127 (370) азинмчы амаӡам ҳәа иԥхьаӡахеит.
Дмитри Гочуа аҭира хықәкыс амамкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы дыгәҩароуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҭира хықәкыс амамкәа зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рзы дыгәҩароуп Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭан инхо, 1978 шықәсазы ииз Гочуа Дмитри Ақсенти- иԥа.
Дмитри Гочуа игәаҭараан идырбалеит аххыраԥшра змоу, зыкапан 1,5 грамм рҟынӡа инаӡо, зыԥшшәы шкәакәоу амаҭәашьар – метадон ҳәа изышьҭоу анаркотикатә хархәага.
Аҳәынҭқарратә Дума апропан Аԥсныҟа аагараан абаџь ахшәара аҟынтәи ахақәиҭтәразы апкаанҵа азинмчы амуит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҿы «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа» шьақәырӷәӷәахеит. Уи инақәыршәаны, аҳазылхратә баџь ахшәаарада Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаагахо атауарқәа рсиа иалагалахоит апропан. Иарбоу аусшәҟәы ашьақәырӷәӷәара Урыстәыла анапхгара аганахьала иҟаҵаз аԥшьгарала имҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Агентра ТАСС.
Апкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥган лаҵарамза 16, 2023 шықәсазы Москва ақалақь аҿы. Апкаанҵа аамҭала ахархәара аиуоит уи анапаҵыҩра инаркны 10 мыш ирылагӡаны, анаҩс азинмчы аиуоит аганқәа рыла уи азы ихымԥадатәиу аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи апроцедурақәа зегьы шынагӡоу ала шәҟәыла еиқәыршәоу адырра адипломаттә каналқәа рыла аиура аналыршахалак ашьҭахь.
Москва Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара азы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.
Аԥсны аганахьала аусуратә гәыԥ ацхантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәыла аганахьала – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Аԥсны ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ашәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы Аза Аргәын еихьӡылоу асериа аҟынтәи ахԥатәи лышәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.
Аҭыжьымҭа зеиӷьаҟам ала аиллиустрациа зызу, XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжеи XXI ашәшықәса алагамҭеи рзы ареспубликаҿы инхоз асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩеи рырҿиарамҩеи атәы зну альбомны еиқәыршәоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩ Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара атәы еилнаркаауеит.
Ари альбом Ахра Аџьынџьал, Валери Арканиа, Геннади Барцыц, Рауф Барцыц, Диана Воуба, Лаша Габелиа, Игорь Панченко, Николаи Писарчук, Сергеи Сангалов, Алеқсандр Семенцов, Сасун Торосиан, Диана Хьынҭәба, Рудорльф Хочаа, Мактина Ҵәыџьба, Ҟәараса Черқьезиа иреиӷьу русумҭақәа алалеит.
Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, аӡыргара аартуа, ари ашәҟәы аҟазарадырра аҿы иҟоу абжьаха ханарҭәаауеит, еизгоу аматериал ацхыраарала Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара апроблемақәа анализ азура алыршахоит.
«Даара ҳақәгыӷуеит Аза даҽа ҭыжьымҭак аԥҵара лыллыршап ҳәа», - илҳәеит Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор.
Амилаҭтә сахьатә галереиа анапхгаҩы Сурам Сақаниа, асериа «Аԥсны асахьаҭыхы.цәа» ах-шәҟәык томкны аҭыжьра ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.
Автор лажәақәа рыла, ахԥатәи аҭыжьымҭа ацәырҵра машәыршақә иҟамлаӡеит.
Аҟәа ақалақь аҿы Адунеизегьтәи афатә-ажәтә Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16 рзы Аҟәа ақалақь, акультура-усуратә плошьадка «Гәыма» аҿы Адунеизегьтәи афатә-ажәтә Амш иазкны ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа мҩаԥысит.
Сынтәа атема хаданы иҟалеит – «Аԥсҭазаара азы аӡы. Афатә-ажәтә азы аӡы». Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит апроекттә офис «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара». Уи аҭааҩцәа зегьы рзы аинтерактивтә программа еиқәнаршәеит.
Ари агәаларшәагатә рыцхә рылаҳәахеит 1979 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара аконференциа аҿы. Уи ахықәкы хада — ауааԥсыра адунеизегьтәи афатә-ажәтә проблема аганахьала рдырра аизырҳареи амлакра, аӷарра, арыцҳара аҿагылараҿы аидгылара аарԥшреи иадҳәалоуп. Иара убас ари амш 1945 шықәсазы ишьақәгылаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара аԥҵара иамшны ирыԥхьаӡоит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара апроекттә офис ахада Омар Дахдули ацәыргақәҵа аҭааҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиареи аӡытә ресурқәа рбаланс аиқәырхареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи аамышьҭахь абарҭ актуалра злоу атемақәа рыла алекциа кьаҿқәа мҩаԥысит: