Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкыз аусмҩаԥгатә «Аԥсуа поезиа хы-бжьык» мҩаԥысит аԥшьаша, хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра Акультура-ҵарадырратә Центр аҿы.
Б.Шьынқәба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, А. Чехов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи, иара убас ААУ астудентцәа аԥсуа поетцәа Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Таиф Аџьба рырҿиара ргәаладыршәеит.
Апоезиатә хәылԥазы аҿы ирыԥхьеит иара алахәылацәагьы ражәеинраалақәа, аԥсышәала еиԥш аурысшәалагьы.
Амодератор иаҳасабала ари аусмҩаԥгатә аҿы дықәгылеит Б.Шьынқәба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Наур Нарманиа.