АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2024

Аҟәа ақалақь апрокуратура Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 20, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  217, ахәҭа 1 (абџьар изакәанымкәа аахәара, аиагара, аҭира, аҵәахра, аныҟәгара), ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1 (ауаҩшьра) иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рыла ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭа ишышьақәынаргылаз ала, хәажәкырамза 20, 2024 шықәса,  20 сааҭи 10 минуҭи рзы,  Сергегиа Ҭенгиз Игор-иԥа зкузов шкәакәоу, автомашьына «Mercedes-Benz» (амодель «S-222», ашәҟәҭагаларатә номер  О 840 ОВ – АВН змоу) ала Ханазариан А.С дахьыҟаз, Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩала игылоу аҩны №37 ахь днеит.  

Ҭенгиз Сергегиа имаз зыхкы макьаназы ишьақәыргылам, аха зыхҭаларшә  9 мм. рҟынӡа инаӡо абџьар ала гәҭакыла Ханазариан А.С жәынтә диеихсит.  Убри иахҟьаны Ханазариан иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

Уажәы Сергегиа Ҭенгиз дахьыҟоу аҭыԥ аилкаареи уи иаанкылареи азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.


Read 52 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 16:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.