АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Сергеи Шамба «Крокус Сити Холл» имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит.

«Аҭынч уааԥсыра рганахьала имҩаԥгоу атеракт ҳақәыӡбоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Москва «Крокус Сити Холл» идырым хҩык ауаа ахыбра иҩнахысит ахәаша хәажәкыра 22 рзы. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла "»Крокус Сити Холл» аҟны имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны 40-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, шәҩык ахәрақәа роуит.

Урыстәыла ашьаусԥшааратә Еилакы ахҭыс азы ашьаус хацнаркит.


Read 118 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 17:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.