АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Уарча ақыҭан ашкол аҿы Жәларбжьаратәи апоезиа Амш азгәарҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аԥсны ашәҟыҩцәа Реидгыла Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы Адунеизегьтәи апоезиа Амш иазкны аусмҩаԥгатә еиҿнакааит. 

Адунеизегьтәи апоезиа амш — есышықәса, хәажәкырамза 21 рзы иазгәарҭо ныҳәоуп.  Уи абҵарамза 15, 1999 шықәсазы ирыдыркылаз  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу аблахкыгарҭақәа Адунеизегьтәи аҭынха асиа иалазгало, аҵарыдырра, анаукеи акультуреи рызҵаарақәа рзы аҷыдалкаатә Еиҿкаара (ЮНЕСКО) аконференциа Хада  30-тәи асессии арезолиуциа аҿы  ишьақәырӷәӷәан.  Аныҳәа ашьақәырӷәӷәара хықәкыс иаман – «амилаҭтә, арегионалтә, жәларбжьаратәи апоезиатә ҵысрақәа иҿыцу аимпульси иҿыцу азхаҵареи рыҭара».

Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла 2012 шықәса инаркны есышықәса иазгәанаҭоит Адунеизегьтәи апоезиа амш, аныҳәа ахьӡала еиҿнакаауеит алитературатә хәылԥазқәа. Сынтәа апоезиа аныҳәа аԥсуа литература апатриарх, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи  150-шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Апоезиа Амш аҽны Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа дахьиз Уарча ақыҭан еизеит еицырдыруа ҳаамҭазтәи аԥсуа поетцәа, Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Шьазина Емсыхи аҟәша аусзуҩцәеи, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи, аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа.  Апоезиатә ныҳәа алагаанӡа еизаз Уарча ақыҭан игылоу Дырмит Гәлиа ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

«Апоезиа аныҳәа ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаара акультуратә ԥсҭазаара аҿы алитература инанагӡо ароль дуӡӡа аарԥшра, адунеи зегьы аҟынтәи апоетцәа реимадареи русеицуреи аҿиара иазырхоуп. Ҳара ҳарҿиаратә еиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рԥылара, урҭ алархәны алитературатә семинарқәа, астол гьежьқәеи аиубилеитә умҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгара. Зегьы ирыцку – алитература, исахьаркны аԥхьара абзиабара дыркра ауп. Ҳазҭагылоу ашықәс ҷыдоуп. Ҳара апоезиа Амш аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аназгәарҭо ашықәс азы уи дахьиз ақыҭа Уарча иазгәаҳҭоит», – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу.  Уи иара убас еизаз ирзеиҭеиҳәеит Д.И.Гәлиа амилаҭтә литература адагьы, аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура зегьы аҿы инаигӡаз хәызмаӡам ароль атәы. 

Аиԥылара иалахәыз апоезиа аныҳәа рыдырныҳәалеит иара убас Гәылрыԥшь араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩ Хиьудар Ҳанагәуа, ашәҟәыҩҩы Хаири Қәтарба, Уарчатәи абжьаратәи ашкол адиректор Омар Кархалаа.

Рхатәы жәеинраалақәеи аԥсуа литература апатриарх иажәеинраалақәеи ирыԥхьеит апоетцәа  Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, Гәында Кәыҵниа, Заира Тҳаиҵыҟә. Лхатәы жәеинраала даԥхьеит ашкол арҵаҩы Валина Быҭәба.

Уарчатәи ашкол аҵаҩцәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа  исахьаркны иаԥхьеит.

Апоезиатә хәылԥазы алахәылацәа гәахәарыла иахәаԥшит Дырмит Гәлиа иажәабжь кьаҿқәа рыла иқәыргылаз аинсценировкақәа.

Апоезиа аныҳәа хыркәшахеит ашкол аҵаҩцәа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәа рыла.


Read 72 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 16:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.