АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп:

 

«Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Москва амҵан иҟалаз агыгшәыгратә теракт иахҟьаны  хара змамыз ауаа рҭахара

Гәӷәала ҳақәыӡбоит ацәгьоуцәа иргәаӷьыз ахлымӡаах. Сара агәра згоит ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура аҿагылара шҳалшо, ахара зду изыхәҭоу ишақәыршәахо. 

Аԥсны жәлар урыстәылатәи ажәлар рхьаа рыцеиҩыршоит, ирыцгәырҩоит. Атеракт аан ааха зауыз рҭынхацәа ирзеиӷьаҳшьоит ачҳара. Ахәра зауыз лассы – агәабзиара.  Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа аринахыс иҟаларым ҳәа ҳгәыӷуеит».

 


Read 130 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.