АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра: Аҟәа араион аҿы ирымхуп 177 цыра амаининг-аппаратқәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа, анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәаршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа Хадеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа  Аԥсны Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцны изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа аҽаԥшьреи акриптовалиута арҳара азы аусура амҩаԥгареи рыԥхьырҟәҟәара иазку аоперативтә-профилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан амаининг-ферма рыԥшааит.

Ашәба Руслан Алеқсандр-иԥеи Жовнир Георги Ҭемыр-иԥеи иртәыз 177 аппарат,  Ешыратәи амҩа 9-тәи абжьысырҭа аҿы иҟоу, уаҩ дахьнымхо ахатәы хыбра иахьаҵанакуа ишьақәыргылан.  

Аиқәыршәагақәа зегьы афымцацәаҳәа иаҿыхны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп. Зымхра мҩаԥгоу аиқәыршәагақәа зтәыз рганахьала административтә хьырхәра ауснагӡатәқәа ахархәара роуит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. 


Read 120 times - Ашәахьа, 25 Хәажәкыр 2024 08:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.