
pressadmin-2
Аԥсны ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ашәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы Аза Аргәын еихьӡылоу асериа аҟынтәи ахԥатәи лышәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.
Аҭыжьымҭа зеиӷьаҟам ала аиллиустрациа зызу, XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжеи XXI ашәшықәса алагамҭеи рзы ареспубликаҿы инхоз асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩеи рырҿиарамҩеи атәы зну альбомны еиқәыршәоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩ Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара атәы еилнаркаауеит.
Ари альбом Ахра Аџьынџьал, Валери Арканиа, Геннади Барцыц, Рауф Барцыц, Диана Воуба, Лаша Габелиа, Игорь Панченко, Николаи Писарчук, Сергеи Сангалов, Алеқсандр Семенцов, Сасун Торосиан, Диана Хьынҭәба, Рудорльф Хочаа, Мактина Ҵәыџьба, Ҟәараса Черқьезиа иреиӷьу русумҭақәа алалеит.
Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, аӡыргара аартуа, ари ашәҟәы аҟазарадырра аҿы иҟоу абжьаха ханарҭәаауеит, еизгоу аматериал ацхыраарала Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара апроблемақәа анализ азура алыршахоит.
Аинвалидцәа Рфонд аҿы атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиа иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» алахәылацәеи атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиеи реиԥылара мҩаԥысит.
Нестор Гадлиа цәыббрмза 28 инаркны жьҭаарамза 8 аҟынӡа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа, аибашьра аветеранцәа.
«Ҳара иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит Аԥсны аҿар рпатриоттә ааӡара аҿы улагала азы. Ҳара иахьа агәадура ҳазҭо ҳамоуп – ҳџьынџьуаҩ адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит», – ҳәа илҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» ахантәаҩы Адица Цәышба.
Гиачрыԥшь ақыҭан акаҭран ашьҭаҵара иалагеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Гиачрыԥшь ақыҭа амҩа хада аҿы акаҭран ашьҭаҵара иалагеит. Уи иацу ахарџь ахахьы иагеит Гагра араион Ахадара.
Гагра араион Ахадара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, акаҭран ашьҭаҵара иадҳәалоу аусурақәа жәамш раԥхьа ихацыркын.
Амҩа ԥшь-километрак рҟынӡа инаӡоит. Актәи аетап аҿы 750 метра рҟынӡа амҩа ахәҭа ариашара мҩаԥгахеит, абӷанҷ ықәрыԥсеит, анаҩс акаҭран шьҭарҵеит. Хара имгакәа 500 метра рҟынӡа инаӡо амҩа ахәҭа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара иалагоит.
Ареспубликатә газеҭ «Адыгэ Макъ» аколлективи Аԥсны ареспублиатә газеҭ «Аԥсны» аколлективи шьҭарнахыс аусеицура рыбжьалоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маиҟәаԥҟа аусуратә визитла ицеит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаби Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-дыгатә филологиа Ацентр алаборант еиҳабы Асмаҭ Беииеи.
Аԥснытәи апресса ахаҭарнакцәа ареспубликатә газеҭ «Адыгэ Макъ» аредакциа аколлектив ирԥылеит. Аиԥылараҿы аҩ-редакциак рнапхгаҩцәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас адыга бызшәалеи аԥсышәалеи аматериал аҭыжьра аганахьала аԥышәеимдара мҩаԥыргеит.
«Жәҳәарада, аусеицура ҳабжьазар ахәҭоуп. Ҳаамҭазы иарбанызаалак аинформациа асоциалтә ҳақәа рыла абара азы алшара шыҟоугьы, иарбоу аҭыжьымҭа ахкы актуалра шамац иаанхоит. Агазеҭ ианылоит аполитика, ауаажәларратә ԥсҭазаара, акультура, аспорт, уҳәа аусхкқәа рҿы зегьы реиҳа аинтерес зҵоу ахҭысқәа рзы адыррақәа. Уимоу, иазгәаҭатәуп, амилаҭтә бызшәақәа рыла аҭыжьымҭақәа рырҿиара хымԥадатәиуп», - ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.
IV Жъларбжьаратәи атуристтә форум «VISIT АPSNY» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум «VISIT АPSNY» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Афорум апрограммаҿы иҟоуп – атематикатә астол гьежьқәа, амастер-классқәа, аусуратә сессиақәеи апроект ҿыцқәа рӡыргареи.
«Аԥсны атуристцәа Реидгыла» апрезидент, «VISIT АPSNY» аиҿкааҩ Анна Калиагина, афорум абар шьҭа ԥшьышықәсоуп традициала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит.
IV Жъларбжьаратәи атуристтә форум «VISIT АPSNY» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум «VISIT АPSNY» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Афорум апрограммаҿы иҟоуп – атематикатә астол гьежьқәа, амастер-классқәа, аусуратә сессиақәеи апроект ҿыцқәа рӡыргареи.
«Аԥсны атуристцәа Реидгыла» апрезидент, «VISIT АPSNY» аиҿкааҩ Анна Калиагина, афорум абар шьҭа ԥшьышықәсоуп традициала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит.
Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аԥшыхәратә ҟәшеиҵа аруаа ихыҭҳәаау изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ аԥырырхит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аԥшыхәратә ҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара ашьхараҟны, аҽазыҟаҵарҭа Ҵабал аҿы ихыҭҳәаау изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ аԥырырхит, ҳәа иаанацҳауеит Алада Урыстәылатәи арратә Округ апресс-маҵзура.
Аԥшыхәцәа ашьхара иаԥну абнара аҵакыраҿы иарбаз араион аҿы аԥшаара-ԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит. «Аӷа» итәарҭа ахьыҟоу аҭыԥ анеилкааха ашьҭахь, аруаа иарбоу аобиектқәа ркоординатқәа аимадара ахархәагақәа рыла егьырҭ рҩызцәа ирзынарышьҭит.
Григори Карасин: «Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа азҵаара хадақәа иреиуоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 15 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа алагеижьҭеит 15 шықәса ҵуеит.
«Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарқәа азҵаара хадақәа иреиуоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара. Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, Еидгыло Америкатәи Аштатқәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС), Европатәи атәылақәа Реиидгыла ашәарҭадаразы Аиҿкаара (ОБСЕ) рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа.
2009 шықәса инаркны Ареспублика аҿы иара убас аус руеит Аинцидентқәа анырра аҭареи аԥхьырҟәҟәаареи рзы Амеханизмқәа (МПРИ). Иарбоу аструктура арегион аҿы ӷәӷәала аибарххарақәа рацәыхьчара иазкны аеффективла аус зуо, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҭышәынтәалара азы жәларбжьаратәи аусеицура азы хра злоу ҿырԥшыганы иҟоу еиҿкаароуп», - ҳәа и-Telegram-канал аҿы иҩит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак ахантәаҩы Григори Карасин.
Ҭамила Мерцхәлаа: аҳәса Аԥсны аекономикатә ԥсҭазаара активла рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Ҭамила Мерцхәлаа астол гежь «Имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭараҿы Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата инанагӡо ароль. Аҳәса русдкылара – аинклиузивтәи аԥсҭазааралшаратәи аизҳара зыдҳәалоу алшара» аҿы аспикер иаҳасабала дықәгылеит. Адискуссиа II Жәларбжьаратәи афорум «Ахԥатәи азқьышықәса Аԥҳәыс» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан
Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент аԥснытәи ауаажәларра рҿы аԥҳәыс иналыгӡо ароль дахцәажәеит, иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата атәыла аҿы аҳәса русдкылара аҿиара адгылара шанаҭо атәы еиҭалҳәеит.
Ҭамила Мерцхәлаа лажәақәа рыла, аамҭа цацыԥхьаӡа Аԥсны аԥҳәыс лроль еиҳа-еиҳа аҽаԥсахра иаҿуп, аҳәса активла атәыла аекономикатә ԥсҭазаара рхы аладырхәуеит.
Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы ареставрациатә усурақәа мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы ари аԥшьаҭыԥ ахылаԥшыҩ аб Давид (Сарсаниа) инапхгарала ареставрациатә усурақәа мҩаԥгахеит, ҳәа адырра ҟалеит Аԥсны Иԥшьоу Амитрополиа иатәу Telegram-канал «Анхәа Скит» аҿы.
Афонҿыцтәи аберҭыԥ уахьыныҩнало иҟоу аихагылаеиҩкаагақәа рыҟны аҭӡынҵақәа аартхеит. Аусурақәа нарыгӡон Санкт-Петербургынтәи иааз ареставраторцәа. Иара уааҵәҟьа ишьақәыргылахеит Анцәадзыхшаз Ацқьа Мариа дызну амозаикатә ныхачаԥа «Вратарница» («Портаи́тисса», иара убас уи «Иверскаиа» ҳәа иашьҭоуп).
Ауахәаматә маҭәахәқәа рышьҭаҵарҭа (ауада), иара убас Афонҿыцтәи аныхабаа аҿаԥшьы, ацқьа Николаи Мирликитәи иныҳәарҭа аҿы адашьма аӷәы ареставрациа мҩаԥган.