АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Атәыла аԥыза-министр афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрра Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч алархәны 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы афымцамч ахархәара  амҽхак азы азԥхьагәаҭарақәа рыҟаҵареи афымцамч ала аиқәыршәараҿы аиԥҟьарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы иназыцҵоу ажәалагалақәа рыҟаҵаразы адҵа аиҭеит.

Аусуратә еиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәыҩы Резо Занҭариа, АУН «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Ҭемыр Џьынџьали уи ихаҭыԥуаҩ, анџьныр хада Ҭенгиз Гырџьынбеи.   


Read 122 times - Асабша, 23 Хәажәкыр 2024 09:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.