АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭстандарт 30 шықәса ахыҵуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә стандарт азы Аилак  аҿы иазгәарҭоит ахылаԥшырҭа аҵара  30 шықәса ахыҵра амш.

Аԥсны астандартәқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа ахылаԥшырҭа аколлектив ари акыр зҵазкуа арыцхә рыдиныҳәалеит.  

«Аиубилеи – ари баша изаамҭанытәиу рыцхә мацараны иҟам, ари имҩаԥгоу аусурақәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иҿыцу ахықәкқәа рықәыргылареи иазку изаамҭанытәиу аетап ауп. Ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ахаангьы имариаӡамызт, аха ҳара есымша қәҿиарала урҭ рынагӡара ҳалҳаршон, иара уажәгьы ҳусура аиӷьтәразы аԥышәа адкылареи адырра ҿыцқәа раиуреи ҳҽазаҳшәоит. Аколлектив иҳараку рзанааҭтә дырра, русуралшара  иабзоураны, бжеиҳан имариам аҭагылазаашьақәа рҿы Аҳәынҭстандарт аусураҿы аихьӡарақәа дуқәа аарԥшра алнаршеит», – ҳәа аусбарҭа аколлектив рахь ихы рханы иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахылаԥшырҭа аихьӡарақәа рҿы уи ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз аветеранцәа рлагала. Урҭ агәалашәаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.  

«Шәара шәзанааҭтә дырра, шәԥышәа, иаашәырԥшуа адгылара ахә ашьара уадаҩуп. Шәара шәоуп ҿыц ҳколлектив иалало аспециалист ҿарацәа русураҿы изҿыԥшуа», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Нарсоу Сангәлиа.

Иара аринахысгьы Аҳәынҭстандарт аколлектив рҳәоуи руси еилаҵаны еффективла аус шыруло азы агәрагара ааирԥшит.


Read 122 times - Ашәахьа, 25 Хәажәкыр 2024 08:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.