АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Хәажәкыр.2024

Амшцәгьа амам аԥсабара: Аҟәатәи аметеостанциа 120 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 22 рзы  Аҟәатәи аметеорологиатә Станциа аадыртиижьҭеи  120 шықәса ҵуеит, хәажәкырамза 23 – Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭоит. Ари амш аҽны 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара аԥҵара амш ауп аметеорологцәа рныҳәамш ашьаҭаҿы иҟалаз. Уи  1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.

Аԥсны аекеологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы иҟоу агидрометеорологиа аҟәша  аиҳабы Лариса Ахба Аԥсныпресс акорреспондент диҽцәажәо  иахьа иазгәарҭо аметеорологиатә маҵзура амш аҭоурыхи иахьа Аԥсны амш зеиԥшрахо  аилкаара шымҩаԥысуеи ртәы далацәажәеит.

Аԥсны раԥхьатәи аметеостанциа 1904 шықәсазы иаԥҵан. Уи раԥхьа Аботаникатә баҳча аҵакыраҿы иҟан. Аметеостанциа аартра иаԥхьанеиуан агеограф, аботаник Николаи Альбови  академик Николаи Вавилови Аԥсны афлора иазкны иҟарҵаз  анаукатә ҭҵаарақәа.  Анаҩс астанциа Аладатәи Иашҭхәа ақыҭахь ииаган. Иара уааҵәҟьа амш зеиԥшрахо аилкаара алзыршоз агәаҭарақәа мҩаԥысуан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архив аҿы ишьҭаз усҟантәи ашықәсқәа ирызку архивтә документқәеи аклиматтә гәаҭарақәа зегьи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы иблит. Аха асовет аамҭазы арҭ аматериалқәа рыхкьыԥхьқәа Обнинск ақалақь аҿы иҟоу агидрометеорологиатә  информациа  азы Аидгылазегьтәи анаука-ҭҵааратә Институт ахь идәықәҵахон, урҭ уаҟа еиқәханы иҟоуп иахьа уажәраанӡа.  

Аҟәа ақалақь аҿы амратә радиациа шаҟа ыҟоу аилкаара азы 1933 шықәсазы еиҿкаан актинометриатә гәаҭарақәа.  

«Убри аметеостанциа анаадырты инаркны ҳтәыла еиуеиԥшым араионқәа рҿы  – Дәрыԥшь, Блабырхәа ақыҭақәа, аӡиа Риҵа, Гәымсҭа аӡиас, Гагратәи ашьхара, Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Очамчыра, уҳәа – агәаҭарақәа мҩаԥыргон», – ҳәа еиҭалҳәеит Лариса Ахба.

Аԥсны аҵакыра митәык ишдуумгьы (8 665 кв. км.),  ареспублика аҿы иакымкәа-иҩбмкәа аклиматтә зонақәа ыҟоуп.

«Уи имаҷымкәа еиуеиԥшым афакторқәа, раԥхьа иргыланы арелиеф, аҳауатә цәқәырԥақәа рыиасра, амшыни аӡиасқәеи разааигәара, аҭыԥ амшын иахыкны аҳаракыра, уҳәа ирхьыԥшуп», – ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аҳауа зеиԥшрахо аилкаара шԥамҩаԥысуеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Лариса Махмед-иԥҳа, уи иҷыдалкаау асиноптикатә хсаалақәа рыцхыраарала имҩаԥысуеит ҳәа аҭак ҟалҵеит.

«Ҳара адгьыл иаԥнуи аҳаракыратә хсаалақәеи еиҿҳарԥшуеит. Хсаалак даҽа хсаалак ақәыршәара ала аҳаракыраҿы еиԥш алаҟәыраҿы иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭоит.  Анаҩс есыҽнытәи, есмчыбжьытәи, иара убас амз актәи азыбжа азы ачисло 15 аҟынӡа алкаақәа ҟаҳҵоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Џьара еиҭакрақәак ҟаларгьы, апрогноз еиҭагәаҭахоит, аԥсахрақәа алагалахоит.  Аҳауатә цәқәырԥақәа рыиасра ахырхарҭа рыԥсахыр алшоит, урҭ риасра маҷк иааныркылар ҟалоит, мышкы, мамзаргьы ҩымш иагханы иаар ҟалоит.

«Амш зеиԥшрахо азы азԥхьагәаҭа аныҟаҵахалак ашьҭахь фактла иҟоу аҭагылазаашьа азы алкаа ҟаҵахоит. Ҳара ҳахәаԥшуеит иҟаҳҵаз азԥхьагәаҭа ахьынӡаиашаз, ақәа аума, мамзаргьы иамума, аԥшасра ахьынӡаӷәӷәаз, амш ацәқәырԥара ыҟазу-иҟамызу, уҳәа убас иҵегьы», – ҳәа илҳәеит лара.

Абар шьҭа шықәсык ҵуеит Гагра ақалақь аҿы аметеоҭыԥ аус амуиижьҭеи. Уаҟа аус зуаз ауаҩы иуалафахәы ахьмаҷыз азы дцеит.

Атематикатә синоптикатә хсаалақәа реиҳарак аԥснытәи аметеомаҵзура Урыстәыла Нхыҵ-Кавказтәи аметеомаҵзура аҟынтәи иаиуеит. Агидрометомаҵзура аҟәшеи Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститути активла аусеицура рыбжоуп.  Аинститут аҟынтәи агидрометеомаҵзура ахь инеиуеит аҳауа аԥхарреи амшынӡы аԥхарреи рзы адыррақәа. Иааиԥмыркьаӡакәа аусеицура рыбжьоуп Шәачатәи аметеомаҵзуреи аԥснытәи агидрометеомаҵзуреи.  Иахьа Агидрометеомаҵзура аколлектив аҿы ф-ҩык аус руеит.

Аԥсны амшын аԥшаҳәеи ашьха иаԥнуи аҭыԥқәа рҿы асубтропикатә климат шьақәгылоуп, уи аҳауа ацәаакра ҳаракуп, аӡын аиҳара ԥхарроуп, аԥхынрагьы митәык ишоураӡам.  Ашықәсбжьара аҳаиртә лышәшәақәа амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа 1400 мм. рҟынтәи  3000 мм. рҟынӡа иазҳауеит.   Асы зқәу ацәаҳәа 2700 – 2900 м. рҟынӡа инаӡо аҳаракыраҿы иҟоуп. Ашьхараҿы шәкы инарзынаԥшуа аҵааршәырақәа ыҟоуп.  

 

 

 

 


Read 102 times - Ахәаша, 22 Хәажәкыр 2024 14:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.