АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2024

Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы 800 гектар адгьыл рцәаӷәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы 2023 шықәсазы 800 гектар адгьыл цәаӷәан,  86,21 гектар -  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз 120 ҭаацәара.  Уи азы 419,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз ахарџь араион Ахадара арезервтә фонд аҟынтәи иазоужьхеит.  Аҭыԥантәи абиуџьқт аҟынтәи аџьықәреи ахәшәтәра азы иазоужьын 385 нызықь мааҭ.  

Иахьагьы араион аҿы мҽхакы ҭбаала, ахәыҷы рацәа змоуи зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩугьы уахь иналаҵаны,  социалла иуашәшәыроу ауааԥсыра ркатегориақәа  рзы ихәыда-ԥсадоу ацәаӷәаратә усурақәа рыпрограмма   мҩаԥысуеит. Араионтә биуџьет аҟынтәи зфинансыркра мҩаԥысуа адгьыл алаҵаразы аус адулара иазку ацәаӷәаратә усурақәа Гәылрыԥшь араион аҿы абар шьҭа жә-шықәса инеиԥыныланы имҩаԥысуеит.   

Рафик Григориан, араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа анапхгаҩы, изаау ааԥынтәи ацәаӷәара иаҵоу аҵаы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, усҟан анхацәа алшара роуеит хәажәырамзазы изаау аџьықәреи алаҵара. Араион аҿы иара убас мшаԥымза агәазы масала ацәаӷәаратә усурақәа рфмҩаԥгаразы амхурсҭақәа гәаҭара мҩаԥысуеит.

Гәылрыԥшь араион Амотор-трактортә Станциа анапхгаҩы Нодар Каҷабаа иажәақәа рыла, апрограмма анагӡара мҩаԥысуеит араион Ахадареи атәыла ақыҭанхамҩа Аминистрреи рыцхырааала.  

«Иҳаҩсыз ашықәс азы аус адулан 86 гектар инареиҳаны адгьыл, ҳазҭоу ашықәс азы ари арбага 100 гектар рҟынӡа ашьҭыхразы агәҭакқәа ҳамоуп», -ҳәа иазгәеиҭеит Нодар Каҷабаа.


Read 92 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 23:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.