АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2024

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иира Амш идныҳәалеит.

«Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи адипломатиа Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәа рырӷәӷәара, аҭынчреи жәларбжьаратәи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара  иазырхоу ҳаамҭазтәи адәныҟатәи аполитика иуадаҩу, аҭакзыԥхықә хыдҵақәа рынагӡара иаҿуп.

Шәара шәыхьӡ, Сергеи Виктор-иԥа  ихадоу адәныҟаполитикатә зҵаарақәа қәҿиарала рыӡбара еиԥш, иҷыдаҟазшьаны ишәылоу шәиумор, зеиӷьаҟам аерудициа, хаҭалатәи шәыуаҩратә ҟазшьақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп», –  ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алхас Кәыҵниа Сергеи Лавров изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, ахирра, аизҳазыӷьара, иара убас иҿыцу адипломатиатә еихьӡарақәа.


Read 100 times - Аԥшьаша, 21 Хәажәкыр 2024 23:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.