АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 10 рзы Башкортосҭанҟа аофициалтә визитла дцеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  Уфа ақалақь аҳаирбаӷәаза аҿы уи диԥылеит арегион Ахада  Ради Хабиров.

Аслан Бжьания Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, жьҭаарамза 11 рзы, Ареспублика Амш азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови ашәҭқәа шьҭарҵеит башкириатәи апоет, ауаажәларратә усзуҩы Шаихзаде Бабичи амилаҭтә фырхаҵа Салаваҭ Иулаеви рбаҟа амҵан.

Анаҩс Аслан Бжьаниеи Ради Хабирови ашәҭқәа шьҭарҵеит аинрал Минигали Шаимуратови рбаҟа амҵан, иара убас «шаимуратоврахь» ирыдыркылаз 905 –ҩык ашколхәыҷқәа акрызҵазкуа арыцхә рыдырныҳәалеит.

Аслан Бжьаниа ари аусмҩаԥгатә азы игәаанагара иҳәеит. «Схәыҷра сгәаланаршәеит, санпионерыз, санкомҿарыз ашықәсқәа. Арҭ атрадициақәа еиҭа иахьышьҭышәхыз сгәы иахәеит. Избан акәзар ара, уажәы ирызҳауеит Урыстәыла ду, милаҭрацәала еилоу Башкорҭосҭан ажәлар рыхьчара иазхиоу абиԥара», - иҳәеит иара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа  аекономика аминистр Кристина Озгани афинанқәа рминистр Владимир Делбеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аҿы Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны абанкқәа рҿаԥхьа 2016 шықәса инаркны ишьақәгылаз акредиттә ҭакԥхықәрақәа уахь иналаҵаны,  афымцамч ахархәара аиҵатәра азы Амҩақәҵагатә хсаалага анагӡара, ахәҭакахьала ахархәара зауз афымцамч азы ахәԥса ашьҭыхра, уҳәа актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Кристина Озган Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿы афымцахархәаҩцәа рхыԥхьаӡара аилкаареи иара убри инақәыршәаны иҟоу ауал алкаареи рзы аинвентаризациа амҩаԥгара шалыршаз азы аинформациа ҟалҵеит. «Амшынеиқәафымцамч» ари аусура хнаркәшароуп ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса аҟынӡа.  

Аекономика Аминистрра иара убас анапхгаратә республикатә наплакқәеи аусбарҭақәеи иара Аминистрра аусзуҩцәеи рыла ахархәара зауз афымцамч ахәԥса ашьҭыхра иазкны аусура мҩаԥнагоит.

Аԥыза-министр иара убас абиуџьеттә система иаҵанакуа  аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ахархәара зауз афымцамч азы ирықәу ауал дырхынҳәра азы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рзы адырра ирҭеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023. Аԥсныпресс. Цәыббрамза,2023 шықәсазы планла иазԥхьагәаҭаз  247,3 млн. мааҭ аан иахыԥхьаӡалаз аҳазылхратә шәатәқәа  реицҵалыҵ 388  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убас ала, цәыббрамзазы аплан нагӡахеит 157% рыла. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы иахыԥхьаӡалахаз аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  127,9 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (Цәыббрамза, 2022 шықәсазы  – 260,1 млн. мааҭ).

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа VI Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи аенергетикатә амчыбжь» аусура ихы алаирхәраны дыҟоуп.

Афорум атема – «Адунеитә енергетика иҿыцу ареалра: уаҵәтәи амш ашьақәгылараҿы».

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ашьхара иӡыз 56- шықәса зхыҵуа Нури Сыҷынаа иԥшаара иаҿуп.  Аиқәырхаҩцәа аминистр  Лев Кәыҵниа дрыцны аԥшаара ахьымҩаԥысуа аҵакыра иахаԥрит, аха алҵшәақәа макьаназы изаарԥшымхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика Арбџьармчқәа Рымш.

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара имариамыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаҿы, ареспублика ахьыԥшымра азықәԥара аҭагылазаашьаҿы  имҩаԥысуан.

Аԥсуа ар ашьақәгылара аҩныҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу аполк аԥҵара аҟынтәи ахы ыҵнахит. Усҟан уи иахагылеит  амилициа аподполковник, Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп абарҭ афицарцәа: Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа убас аӡәырҩы.

Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, декабр 29, 1991 шықәсазы еиҿкаан Аҩнуҵҟатәи Ар Хаз игоу аполк. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дыҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аррамаҵзураауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи  31 ш. аҵра рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзурауаа, Арбџьар мчқәа аветеранцәа,!

 

Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу арыцхә - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи 31 ш. аҵра.

1992 ш. ҳажәлар еиҳа иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы Владислав Арӡынба инапхгарала иаԥҵан Аҳәынҭқарратә атәылахьчаратә хеилак. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны раԥхьатәи аибашьратә қәҿиарақәа аарԥшын, уи аԥхьаҟа Аԥсны Аҳәынтҭқарра Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раԥҵареи иацхрааит.

Аибашьра анаҩстәи аамҭа иаҳнарбеит ари ашьаҿа ианаамҭаз, ииашангьы ишыҟаҵаз. Аԥсны Аҳәынҭқарра  ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны иагаз Аиааира Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа раԥҵаразы ирыдыркылаз азыӡба шхымԥадатәыз шьақәнарӷәӷәеит.

Аибашьраҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбьар мчқәа рсолдаҭцәеи рофицерцәеи хьӡи-ԥшеи рыманы еибашьуан. Дарбанзаалак урҭ рахьтә агәымшәареи ахамеигӡареи аазыршԥшыз аибашьратә ҳамҭақәеи Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳараки иаԥсахеит.

Ҷыдала, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп адҵаҟаҵаҩцәа, Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хада аԥҵареи рхыҵхырҭаҿы игылаз, рыхьӡ ҳтәыла аҭоурых наунагӡа ианызаауеит Аԥсадгьыл ахьчаразы арратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз зегьы. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны, исуверентәу ареспублика аҳасабала, адгылаҩцәа рыцхырааралагьы уахь иналаҵаны,   ахатәы шәарҭадара ашьақәыргылара азин амоуп. Аԥсны, Очамчыра араион аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-Мшынтә Флот есымшатәи аҟазаара апункт ашьақәыргылара аперспектива дахцәажәо абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров.

«Еилкаау усуп, Аԥсны мраҭашәаратәи атәылақәа жәпакы рыԥсы азыцәгьоуп. Ари Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ауп, Амшын Еиқәа, уи мрагыларатәи ахәҭа ахылаԥшра дара рзы акырӡа аанагоит.  Сара сгәаанагарала, Аԥсны жәаҳәарада, Урыстәылатәи Афедерациа аԥхьа инаргыланы, адгылаҩцәа рыцхыраралагьы уахь иналаҵаны, ахатәы хьыԥшымреи ашәарҭадареи азхәыцреи ари азҵаара иара иахәҭоуп ҳәа ишаԥхьаӡо ала аӡбареи рзы азин нагӡаны иамоуп», – ҳәа Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи адискуссиақәа 15-шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва – Аҟәа – Цхьынвал ала дықәгыло  Владимир Џьабаров иҳәаз иажәақәа аанагоит ТАСС.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Пыв аҩхааҿы игылоу асовет еибшьцәа рбаҟа амҵан Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра инамаданы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа, Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» ахаҭарнакцәа, акультуратә фонд «Платформа», иара убас урыстәылатәи аидгьылуаа Рассоциациа раԥшьгаратә гәыԥ Кавказ ахьчаразы иҭахаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Уи ашьҭахь Далмаҭ (Гоԥиа), апротоиереи Игорь (Сергеев) иҭахаз аибашьцәа аԥсырҭынчра иазку Анцәа иашьапкра мҩаԥыргеит.  

Пыв  аҩхаа  ала ииасуан Санчартәи ахырхарҭала архәҭақәа. Урҭ ирылан Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи аотриадқәа, иара убас еизаку аотриад «Ԥсҳәы». Абраҟоуп аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы афашизм аиааира аҳаҭыр азы агәалашәаратә дыргақәа ахьышьақәдыргылоз.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.